00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуаԥҳа Тҟәарчал ашьхаражь шырааӡо иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуаԥҳа Тҟәарчал ашьхаражь шырааӡо иазкны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҿы ашьхаражь зааӡо афирма аиҳабы Елана Џьопуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ари аус дшалагаз, ахә шышақәгылоу, насгьы атәыла анҭыҵ аалыҵ аиура зеимаркуа ртәы.
2019 шықәса раахыс Тҟәарчал ирааӡоит ашьхаражь. Сынтәа ҩынтәуп аҽаҩра ҭаргалоижьҭеи. Иахьазы аплантациа аа-гектарк инаӡоит.
"Уаанӡа ашьхаражь акәым ашәҭгьы еиҭасымҳацызт, аха убыс аҭагылазаашьа ҟалеит, аплантациа дуӡӡа еиҿаҳкааит. Ахәыҷқәа реиԥшҵәҟьа урызныҟәароуп. Аԥсабарагьы аҽаԥсахуеит, ахәаҷа-маҷақәагьы еиуеиԥшым цәырҵуеит. Лассы-лассы ихәшәтәлатәуп. Сынтәа хәажәкырамзазы ашьхаражь шәҭны иангылаз аамҭазы 50% раҟара ашәҭ ҳцәыӡит. Аха зегь акоуп, иахьала ԥшь-тоннак ҿаҳххьеит, ҩбаҟа тонна аҩнуҵҟатәи аџьармыкьахь, егьы - Урыстәылаҟа идәықәҳҵеит. Аҽа ԥшьымш рыла ҳазыԥшуп еиҭа аҽаҩра", - ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа.
Афирма аиҳабы илҳәеит, избан ашьхаражь ахә зыҳараку, насгьы уи шышьақәгылоу. Иазгәалҭеит аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҿы рцәырҵра иабзоураны аалыҵ иаҳа ахә ишагхаз Урыстәылантәи иаарго аасҭа. Елана лажәақәа рыла ашьхаражь атәыла анҭыҵ иаазхәарц зҭаху рацәаҩуп, уи моу ианеимаркуагьы ҟалалоит. Ашьхаражь аҳәаа ахыгара маншәалоуп, Аԥснытәи аалыҵ Қырҭтәылантәи Урыстәылаҟа инарго иацлабуеит, убри аан ҳаалац иаҳа аԥыжәара амоуп ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0