Иԥсҭазаара далҵит Иури Шатунов

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремьера фильма "Ласковый май" прошла в киноцентре "КАРО фильм Октябрь"
Премьера фильма Ласковый май прошла в киноцентре КАРО фильм Октябрь - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2022
Анапаҵаҩра
СССР еицырдыруаз агәыԥ "Ласковый май" асолист игәы аангылеит.
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Ашәаҳәаҩ Иури Шатунов иԥсҭазаара далҵит рашәара 22 ауха ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амузыкант ихаҭарнак идыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Иахьа ацхыраара ласы амашьынаҿы Иури Шатунов игәы аангылан дыԥсит", - иҳәеит иара.

Амузыкант 48 шықәса ихыҵуан.
Иури Шатунов ихәыҷра ауадаҩрақәа ацын. Ахәыҷқәа рзы аҩнаҿы драаӡон. Ус шакәызгьы, амузыкант амузыкатә студиа аменеџьер илаԥш дыҵашәеит, аҟыбаҩ шилаз ааԥшит, анаҩс атәылаҿ еицырдыруаз шәаҳәаҩны дҟалеит.
"Ласковый май" далахәны инеигӡоз ашәақәа "Белые розы", "Седая ночь" иахьа уажәраанӡагьы ирдыруеит, бзиа ибаны ирҳәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0