Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа абардашәа аԥҵаҩцәа рфестиваль азы: аҟыбаҩ злоу рцәыргара, рӡыргара ҳхықәкуп

Кәарҷиа абардашәа аԥҵаҩцәа рфестиваль азы: аҟыбаҩ злоу рцәыргара, рӡыргара ҳхықәкуп
Анапаҵаҩра
Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рҟазара ареспубликатә центр анапхгаҩы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит абардашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа рфестиваль амҩаԥгара ахықәкы, уи иалахәхо ртәы.
Абардашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа 9-тәи жәларбжьаратәи рфестиваль "Ашәа узысҳәоит, Аԥсынра!" мҩаԥысуеит иахьа рашәара 23 рзы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы асааҭ 18 рзы. Абилеҭ ахә - 200 мааҭ.
"Ажәытә аԥсуаа ҭаацәацыԥхьаӡа ирымаз агитара, ма даҽа хархәагак ирымаз аашьҭыхны еилатәаны ашәа рҳәон, ихәмаруан. Абри агитараҟны рыхәмарра иҷыдоу арҳәашьак аман. Сеиҳабацәа аҩны ишадырҳәоз, шамахамзар, уажәы иуԥылаӡом уи арҳәашьа аформа. Убри даара иссиршәа сгәаҿы инхеит. Убри ҳзышьақәыргылозар ҳәа хықәкыс иҟаҵаны, насгьы аҿар радԥхьалара, убри апоетикатә композициақәа Аԥсны ажәлар рыларҵәаразы (имҩаԥысуеит афестиваль - аред.). Иахьа имаҷӡам зхазы ашәа аԥызҵо, иназыгӡо, аха дара, шамахамзар, уаҩы ибарҭаӡам, ираҳарҭаӡам. Убри аҟынтәи аҟыбаҩ злоу аҟазацәа ҳажәлар рахь рцәыргара, рӡыргара хықәкыс иҟаҵаны иаԥаҳҵеит афестиваль, ицәгьамкәа ажәлар ирыдыркылеит, ҳгәы иаанагоит аринахысгьы иацҵалатәуп ҳәа", - иҳәеит Кәарҷиа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Жәларбжьаратәи абардашәа афестиваль "Ашәа узысҳәоит, Аԥсынра!" аԥҵан 2010 шықәсазы. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы афестиваль рхы аладырхәит Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, Москва, Санкт-Петербург уҳәа егьырҭ ақалақьқәа рҟынтәи еицырдыруа абардашәаҳәаҩцәа. Афестиваль ҷыдарас иамоу - ашәақәа зегьы бжьыцқьала хадаратәла дара аԥызҵаз инарыгӡоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0