Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гогьиеи Қорсаиаԥҳаи Гәлиа иҩны-амузеи аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзы

Хра злоу ахҭысқәа: Гогьиеи Қорсаиаԥҳаи Гәлиа иҩны-амузеи аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзы
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Қорсаиаԥҳаи Жәлар Реизара адепутат Демур Гогьиеи арадио Sputnik аефир аҿы иалацәжәеит акультура ахәышҭаара аиҭашьақәыргылара азҵаара.
Дырмит Гәлиа иҩны амузеи аиҳабы иҟалҵаз ааԥхьарала Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа гәыԥҩык аҭаан рыблала ирбеит иҟоу аҭагылазаашьа. Амузеи аиҳабы Светлана Қорсаиаԥҳаи арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит, аҩны бгар шалшо, шьаҭанкыла уи аус нап адкыламзар.
Аԥсны Жәлар реизара адепутат иҳәеит амузеи аҿы иибаз игәы шинархьыз, иаҳцәеилаҳар уи рыцҳара духоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы.
"Хымԥада, ахыбра аиҭашьақәыргылара аҭахуп. Аха ашықәс абжа ҳахьҭо аҟынтә уи абиуџьет аҿы арбара алҵӡом. Иааиуа ашықәс азы иалаҵахартә азы аус адулатәуп. Егьырҭ адепутатцәагьы инаганы идырбатәуп ашәҟәы иаԥхьоит, аха аҵыхәтәанынӡа ирзеилкааӡом аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы, избан уи аиқәырхара азҵаара ҵарны изықәгылоу", - ҳәа азгәеиҭеит Гогьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0