Ԥхынгәымза азбжаз Шәачантәи Ҭырқәтәылаҟа мшынла аныҟәара бжьарҵоит

© AFP 2023 / NTB SCANPIXКруизный лайнер Viking Sky дрейфует к земле после отказа двигателя,Норвегия, 23 марта 2019 года
Круизный лайнер Viking Sky дрейфует к земле после отказа двигателя,Норвегия, 23 марта 2019 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 16 инаркны жьҭаара 22 нӡа ес-сабша мшынла иныҟәо алаинер Astoria Grande Шәачантәи Ҭырқәтәылаҟа ицалоит.
АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Мшынла аныҟәарақәа Шәачантәи Ҭырқәтәылаҟа ирылагоит ԥхынгәымза 16 инаркны. Ари амҩа хырхарҭа аԥшьнагоит жәларбжьаратәи амшын ныҟәарақәа раоператор Miray International.
Аԥсшьаҩцәа ныҟәаргалоит алаинер Astoria Grande ала, Шәачантәи иқәҵлоит ес-сабша асааҭ 22:00 рзы.
Аӷба аҭаауеит ҭырқәтәылатәи ақалақьқәа Сҭампыл, Тенедос, Чешме, Синоп, Трабзон. Ҽынла иааҭгылалоит акыр аамҭа. Иааидкыланы аԥсшьара 8 мшы азгәаҭоуп урҭ рахьынтә ҩымш амшын аҟны.
Ахәыҷқәеи адуцәеи рзын иазгәаҭоуп арлахҿыхратә программа. Хышықәса зхыҵуа инаиркны 12 шықәсанӡа абилеҭ хәыда-ԥсадоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0