Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа ԥшь-медалк ириааит Шәача аицлабрақәа рҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукШахматная доска
Шахматная доска  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашахматасыҩцәа 20-ҩык злахәыз ахәыҷтәы-қәыԥштә шахматтә турнир аҩбатәи аетап мҩаԥысит Шәаса рашәара 25 рзы.
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахәыҷтәы-қәыԥштә шахматтә турнир аҩбатәи аетап амедалқәа рыхкқәа зегьы ириааит аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыпшцәа Шәача, абри атәы еиҭеит Гәдоуҭатәи Ахәыҷтәтәы-қәыԥштә спорт школ ашахмат азы азыҟаҵаҩ Альберт Карапетиан.
Иара иазгәеиҭеит аџьаз дшаиааиз гәдоуҭатәи Дамир Ҳалуашь, араӡны гагратәи Пиотр Казанџьани гәдоуҭатәи Асҭан Ҭаниеи. Ахьтәы медал даиааит Сариа Лакоба, уигьы дыгәдоуҭатәуп.
Азыҟаҵаҩ иааӡамҭацәа реихьӡарақәа дреигәырӷьоит. Аиааира згази аԥхьахәқәа заузи ахраҿақәа, амедалқәа, иара убас атурнир ахԥатәи аетап ахь "абилеҭқәа" роуит.
"Ҳара ҳазыҟаҵара маҷк егьырҭ раасҭа ихьысҳазаргьы, ҳхәыҷқәа рхы шьҭыхны иқәԥон, ргәацԥыҳәон. Наҟ-наҟ аизҳара рҭаххаратәы иҟалеит. Ахԥатәи аетап иҵегьы еиӷьны ҳҽазыҟаҳҵоит сгәахәуеит, еиҳангьы аԥхьахәқәа ҳгоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Карапетиан.
Зынӡа Шәача имҩаԥысыз Ахәыҷтәы-қәыԥштә шахматтә турнир аҩбатәи аетап иалахәын 100-ҩык аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацә, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа рҟынтәи.
Шахматная доска  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Аԥсны
Гәдоуҭатәи ашахматтә еицлабраҿы иаиааиз Анатоли Карпов ицхәмарыр рылшоит
Ажәабжьқәа зегьы
0