Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥхьагылаҩцәа қәыԥшцәа реицлабра "Аԥсны агәадура" ареспубликаҿ аҩынтә раан имҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Новый конкурс Гордость Абхазии
Новый конкурс Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Анапаҵаҩра
Аицлабра алахәхаразы арзаҳал анашьҭра алшоит ԥхынгәы 1-7 рзы.
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы рашәара 27 рзы имҩаԥысит аԥхьагылаҩцәа қәыԥшцәа ирзырхоу "Аԥсны агәадура" аҩбатәи аицлабра аӡыргара.

"Аԥхьатәи аицлабра мҩаԥган 2020 шықәсазы. Алахәхаразы инашьҭын 150 рзаҳал. Иалкаан хәҩык. Аицлабра афинал ахь инеиз ироуан алшара Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы рҟазара ацҵареи астажировка ахысреи", - лҳәеит аицлабра аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Милана Ҳашԥҳа.

Акоронавирус инадҳәаланы 2021 шықәсазы аицлабра мҩаԥгамызт. Уажәы алшара анҳау аҩынтә раан имҩаԥаагоит лҳәеит Ҳашԥҳа.
Актәи аетап аан алахәылацәа арезиуме нарышьҭуеит ахцәажәа-ркьаҿ, 2030 шықәсазы Аԥсны зеиԥшрахо азы ргәаанагара аазырԥшуа х-минуҭк еиҳам авидеоессе.
"Авидеоессе ахәаԥшра ашьҭахь аицлабратә комиссиа ахцәажәа-ркьаҿ иахәаԥшны алахәыла аиҿцәажәарахь днарыԥхьоит. Аихшьалақәа рыла еиҿкаахоит аицлабыҩцәа актәи рреитинг. Аҩбатәи аетап аан иаку анапхгараҟаҵаратә ԥышәа иахысуеит. Абаллқәа рыԥхьаӡарала еиҿкаахоит аҩбатәи ареитинг", - лҳәоит Ҳашԥҳа.
Программа реформ Будущее Абхазии была разработана финалистами конкурса Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Аԥсны
ААУ имҩаԥнагоит анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура"
Ахԥатәи аетап аан аицлабра алахәылацәа анапхгараҟаҵаратә хәмаррақәа ирхысуеит, Аԥсны аҿиаразы рхатә проект ӡырыргоит. Аихшьалақәа инарықәыршәаны хҩык аиааира згаз алыркаауеит. Урҭ анаҩс Урыстәыла рҟазара ацҵареи астажировка ахысреи рзы алшара рыҭахоит. Иара убасгьы ԥхьаҟазы аусурҭа ҭыԥқәа роура алыршахоит.
"Аицлабра абра имҩаԥгазарц аӡбара ҳадаҳкылеит, избанзар, ҳара ҳгәаанагарала, ААУ аԥсуа ҿар рзы игәҭылсоу ҭыԥуп. Ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаар ҳҭахуп ауниверситет иаҳнаҭо адгылареи ацхыраареи", - азгәалҭеит аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы.

Алхрақәа мҩаԥгахоит еиуеиԥшым ахәҭақәа рыла: ԥхынгәы 1-7 рзы ахцәажәа-ркьаҿ анашьҭра, ԥхынгәы 18 рзы- авидео-ессе; аҿцәажәара, ԥхынгәы 25 рзы - аԥышәахыжьра, нанҳәа 1 - аицлабра афинали алахәылацәа рпроектқәа рӡыргареи.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.
Ҳтәылаҟны раԥхьаӡа аицлабра "Аԥсны агәадура" мҩаԥган 2020 шықәсазы. Ауаа рыбжьыҭареи аиндаҭларатә комиссиа рыхәшьареи неилаҵаны актәи аҭыԥ ааникылеит Саид Беиа, аҩбатәи – Асҭамыр Қәҭарба, ахԥатәи – Александр Ачба, аԥшьбатәи – Алмахсиҭ Осиа, ахәбатәи – Абзагә Ҵәыџьба.
Онлайн пособие по Апсуара - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2020
"Аԥсны агәадура" аиааирагаҩцәа руаӡәк Аԥсуара аҵаразы онлаин-цхыраагӡа аԥиҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0