Песков: Урыстәыла адунеизегьтәи аинтернет иузаҿыхуам

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовосибирский дата-центр Ростелекома
Новосибирский дата-центр Ростелекома - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа адырра ыҟан амагистралтә оператор хада "Ростелеком" интернет-трафик Азиантә иаиур алшоит европатәи аимадаратә ҭыԥқәа ирҿырхыр ҳәа.
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Урыстәыла аҽазнархиеит иҟалалакгьы, аинтернет ахархәара еиԥымҟьаразы, аха атәыла планны иамам уажәы иҟоу аинтернет еимадара мап ацәкра ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ПМЕФ-2022 амҩаԥысраан атәыла ахада ацифраркразы ихаҭарнак ҷыда Дмитри Песков.
Урыстәыла интернетда ишнымхо атәы иҳәеит Урыстәыла АА аминистр Сергеи Лавровгьы.
"Анҭыҵынтә иара ҳаҿырхырц рыӡбаргьы, иаҳхаагартә ҳаҟоуп. Аресурсқәа ҳамоуп, аконнекторқәа еиҿаҳкаауеит. 1991 шықәсазы Хельсинки аҵара зҵоз астудент домен su напхгара анеиҭоз аиԥш аҭагылазаашьа алҳаршом", - иҳәеит Песков.
Ажәабжьқәа зегьы
0