Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашәбеи Маслови аԥсуа-аурыс усеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит

© Foto / Парламент Республики Абхазия В Парламенте состоялась встреча с начальником Управления Президента Российской Федерации по межрегиональным и культурным связям с зарубежными странами
В Парламенте состоялась встреча с начальником Управления Президента Российской Федерации по межрегиональным и культурным связям с зарубежными странами - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратәи еимадарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслов зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аделегациа Аԥсны иааит рашәара 30 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба диԥылеит Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратәи еимадарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслови уи напхгара зиҭо аделегациа алахәылацәеи.
Ашәба Маслов аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы илагала ахә ҳаракны ишьо, иазгәеиҭеит Аԥсны аганахьала аусура далагахьан 2000-тәи ашықәсқәа раангьы.
Маслов иакәзар, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиԥылара ахьеиҿыркааз азы, иагьнаҵишьит уи зегь рзы аҵак ду шамоу. "Ҳара зегьы хықәкыс иҳамоу акоуп - Аԥсны аҿиареи ашәҭыкакаҷреи", - иҳәеит иара.
Аиԥылара иалахәын Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазлыбеи Аҩӡбеи Ашот Миносиани, ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов.
Аиԥылара алахәылацәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара, аҳаиртә еимадара аартра иаҵоу актуалра, иара убас ҩганктәи аусеицура егьырҭ азҵаарақәа.
Поездка в Сухумский аэропорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Аԥсны
Бжьаниеи Маслови аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза иаҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0