Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа аушьҭымҭацәа рдыррақәа рыҩаӡара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа аушьҭымҭацәа рдыррақәа рыҩаӡара иазкны
Анапаҵаҩра
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадиоефир аҿы иҳәеит сынтәатәи аушьҭымҭацәа аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рҿы иаадырԥшыз адыррақәа ртәы, иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь аҭаларазы Аԥсни Урыстәылеи русеицура шымҩаԥысуа.
Сынтәа рҵара хдыркәшоит 1800-ҩык. Урҭ рахьынтә 9-ҩык хьтәы медалла иалгеит, 3-ҩык - раӡны медалла ҳәа азгәеиҭеит Қәҭелиа.
"Ари, жәаҳәарада, еихьӡара бзиоуп. Ҵыԥхи ҵыԥхцәеи ртәы уҳәозар, рхыԥхьаӡара еиҳа еиҵан. Ҩышықәса ирылагӡаны аицлабрақәеи аолимпиадақәеи мҩаԥысуамызт, аха сынтәа имҩаԥган, иалахәызгьы аихьӡара бзиақәа аадырԥшит. Иааизакны аминистрра аспециалистцәа ибзиоуп ҳәа ахәшьара арҭеит аушьҭымҭацәа рдыррақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Қәҭелиа.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы еиҭеиҳәеит, адырраҭара "Умницы и умники" ахь дырҩегьыхь Аԥснынтә ашколхәыҷқәа алԥшааны рышьҭразы имҩаԥыргаз аусура атәы.
Анаҩс аиҿцәажәараҿы иазааҭгылан Аԥсни Урыстәылеи аҵара аминистррақәа реиқәшаҳаҭрала сынтәа иазгәаҭо аусмҩаԥгатәқәа ртәы. Иара убасгьы иҳәеит аԥснытәи ашколхәыҷқәа Урыстәыла аҵара рҵартә еиԥш иҟоу алшарақәа рхы ишадырхәо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0