Роспотребнадзор аковидҿагыларатә ԥкрақәа зегь аԥнахит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие летних веранд в Москве
Открытие летних веранд в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Роспотребнадзор адыррала, Урыстәыла аковидҿагыларатә ԥкрақәа зегь аԥнахит, асабрадатә режимгьы убрахь иналаҵаны.
"Аепидемиатә процесс алаҟәра иахьаҿу инадҳәаланы, Роспотребнадзор уаанӡа иаланагалахьаз аԥкрақәа – асабрадатә режим, уахынлатәи аамҭаз азеиԥшкрыфарачарҭақәа русура арежим уҳәа егьырҭгьы аԥыхуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Хәажәкырамзаахыс Урыстәыла COVID-19 аԥсыҽхара иалагеит. Ачымазара мчыбжьыктәи арбага жәабранмза иадкыланы 64-нтә илаҟәит. Убри аан аепидемҭагылазаашьа еицәахар, аԥкрақәа дырхынҳәуеит. Аҭагылазаашьа Роспотребнадзор хылаԥшра анаҭоит.
Аусбарҭа адыррала, уажәазы 93% COVID-19 хҭыс Урыстәыла изыхьуа ма иԥсыҽны ирыхьуеит, ма зынӡаск ирызгәамҭакәа ирхыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0