Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәынба еиҭеиҳәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы ицо аусура атәы

Гәынба еиҭеиҳәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы ицо аусура атәы
Анапаҵаҩра
Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариара азҵааразы ицо аицәажәарақәа, иазгәаҭахо ашьаҿақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ анапхгаҩы, Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Лаҵарамза алагамҭазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ аԥҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит, уи напхгара аиҭоит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Аҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара мҩаԥган лаҵара 12 рзы. Рашәара 30 рзы Аԥсны иаҭааит Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аҳәаанырцә тәылақәа арегионбжьаратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҿы рыҽрымадаразы Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов зхадараҿы дыҟоу аделегациа. Аҳәаа ахысра армариаразы иҟаҵатәу азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥган.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аԥсуа ган аԥшьгамҭала Ԥсоу аӡиас ала аҳәаа ахысра армариазы азҵаара изныкымкәа иқәыргылан, еиуеиԥшым ажәалагалақәа аурыс ган иадгалан. Урҭ рыбжьара иҟоуп ахатә машьынақәа рыла ииасуа сааҭла агәаҭарақәа ирхымсларц рҭагылазаашьа иаҳа армариара, убасгьы атуристцәа мҩанызго дуқәа. Иҳәеит аҳәаа иху ажәытә цҳагьы ахархәара аиуразы ажәалагала шыҟоу.
"Урыстәыла аҳәынҭқарра хә-миллиардк инарзынаԥшуа сынтәа рбиуџьет аҟны иадырбахьеит. Уи аԥара аныхра иалагоит апроект ашьақәыргылара, аушьҭратә терминал иҵегьы аизырҳара, Урыстәылеи ҳареи ҳаиҭанеиааира иадҳәалоу аусқәа рымҩаԥгаразы. Иахьазы 58 нызқьҩык аҳәаа ҽнак иахысуеит. Аушьҭратә терминал ианеиҳаӡоу 28 нызқьҩык роужьра акәын иазыԥҵәаны иҟаз. Ажәлар рацәаҩны ииасуеит, ахархәара иҵегьы иаиуеит (Ԥсоу ала аҳәаа - азгә.). Ижәдыруеит, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны Урыстәыла атәылауаа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҭаара рцәыуадаҩхеит, убри аҟынтәи арахь зхы зырхо рхыԥхьаӡара еизҳауеит", - иҳәеит Гәынба.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ ицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0