https://sputnik-abkhazia.info/20220703/syala-aa-anyala-2506-shysa-akhyrazy-akontsert-magan-bagash-ikh-zkhu-ashay-1040011278.html
Сықалақь Аҟәа: аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵразы аконцерт мҩаԥган Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы

Sputnik Аҧсны
Аҟәа - ижәытәӡоу адунеи ақалақьқәа иреиуоуп. Раԥхьаӡа акәны ара ауаа реиланхарҭа ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы ишьақәгылеит ҳәа иазгәарҭоит. 03.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-03T21:47+0300
2022-07-03T21:47+0300
2022-07-03T21:47+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/03/1040011759_0:322:3067:2047_1920x0_80_0_0_46182857d7ab067632b17af180bb4704.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа 2506 шықәса ахыҵра иазкыз аԥсуа естрада артистцәа рконцерт "Сықалақь Аҟәа" мҩаԥысит аҳҭнықалақь аҿы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы.Уи аԥхьа ажәа ирҭеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа, иара аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирыдиныҳәалеит аныҳәамш, иара убас даԥхьеит Аслан Бжьаниа иааишьҭыз адныҳәалара.Анаҩс дықәгылеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба."Ақалақь ахадара ахьӡалеи сара хаҭала сыхьӡалеи ишәыдсныҳәалоит ари аныҳәа ду. Ҳақалақь аҭоурых иагәылсны иаауан еиуеиԥшым ахьӡқәа аманы - Диоскуриа, Себастополис, Сухум-Кале. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы иара "Сухум" ҳәа иахьӡырҵеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәзар, уи ахьӡ "Аҟәа" гәыблыла аамҭақәа иргәылганы иааргоит", - иҳәеит Ешба. Аҳҭнықалақь ахада иара убас иазгәеиҭеит Аҟәа есымша милаҭрацәалеи динхаҵарала еиуеиԥшымкәани ишеиларсыз, убас ишыҟоугьы, зегьы напеикәыршала наџьнатә аахыс ишеицынхо. Адныҳәаларақәа рышьҭахь, аҵараҵараҿы зҽалызкааз аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа аҳаҭрытә шәҟәқәа ранаршьеит. Анаҩс агәырӷьаратә хәҭахьы ииасит, ашәа ҳәо иқәгылеит аԥсуа естрада артистцәа Артур Лакрба, Мана, Анатоли Алҭеиба, Омар Сангәлиа, Саида Габниа, Хатуна Ҭарба уҳәа егьырӷьы.Аконцерт ашьҭахь Аҟәатәи абаӷәазаҟынтә аҳауахь ихалаҵан аныҳәатә салиут.Ԥхынгәы 3 рзы Аҟәа 2506 шықәса ахыҵра амш азгәарҭоит. Ари аныҳәа есышықәса ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы иазгәарҭон, аха сынтәа уи Тамшьтәи адесант аныӡхыҵыз амш иахьақәшәаз азы амҽышахь ииагазарц ӡбан.
https://sputnik-abkhazia.info/20220703/ashaara-instrumentalt-ansambl-gynda-aa-amsh-iazkyz-akontsert-mayrgeit-1040006616.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/03/1040011759_172:0:2901:2047_1920x0_80_0_0_00e725a259b7678d072a8668c0c1bf62.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Сықалақь Аҟәа: аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵразы аконцерт мҩаԥган Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы
Аҟәа - ижәытәӡоу адунеи ақалақьқәа иреиуоуп. Раԥхьаӡа акәны ара ауаа реиланхарҭа ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы ишьақәгылеит ҳәа иазгәарҭоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа 2506 шықәса ахыҵра иазкыз аԥсуа естрада артистцәа рконцерт "Сықалақь Аҟәа" мҩаԥысит аҳҭнықалақь аҿы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы.
Уи аԥхьа ажәа ирҭеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа, иара аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирыдиныҳәалеит аныҳәамш, иара убас даԥхьеит Аслан Бжьаниа иааишьҭыз адныҳәалара.
"Ҳаҭыр зқәу аҟәаа! Ишәыдсныҳәалоит Аҟәа ақалақь Амш! Ҳаҳҭнықалақь иамоу аҭоурых, аҭоурых-культуратә ҭынха ала даҽакы иеиԥшым. Аҟәа иқәынхо ауаа ргәыбылра, уи иарҭо агәцаракра иабзоураны ақалақь аҿиара, аизҳазыӷьара амҩа иануп. Зеиԥш ыҟам ҳақалақь иаҟәну аԥшӡара уаднамԥхьалар залшом, ҳтәылаҿы иара аҭыԥ ҷыдагьы ааннакылоит", - ҳәа ахада иажәақәа дрыԥхьеит Кәыҵниа.
Анаҩс дықәгылеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
"Ақалақь ахадара ахьӡалеи сара хаҭала сыхьӡалеи ишәыдсныҳәалоит ари аныҳәа ду. Ҳақалақь аҭоурых иагәылсны иаауан еиуеиԥшым ахьӡқәа аманы - Диоскуриа, Себастополис, Сухум-Кале. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы иара "Сухум" ҳәа иахьӡырҵеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәзар, уи ахьӡ "Аҟәа" гәыблыла аамҭақәа иргәылганы иааргоит", - иҳәеит Ешба.
Аҳҭнықалақь ахада иара убас иазгәеиҭеит Аҟәа есымша милаҭрацәалеи динхаҵарала еиуеиԥшымкәани ишеиларсыз, убас ишыҟоугьы, зегьы напеикәыршала наџьнатә аахыс ишеицынхо.
© Sputnik / Марианна Кубрава Сықалақь Аҟәа: аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵразы аконцерт мҩаԥган Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы

Адныҳәаларақәа рышьҭахь, аҵараҵараҿы зҽалызкааз аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа аҳаҭрытә шәҟәқәа ранаршьеит.
Анаҩс агәырӷьаратә хәҭахьы ииасит, ашәа ҳәо иқәгылеит аԥсуа естрада артистцәа Артур Лакрба, Мана, Анатоли Алҭеиба, Омар Сангәлиа, Саида Габниа, Хатуна Ҭарба уҳәа егьырӷьы.
Аконцерт ашьҭахь Аҟәатәи абаӷәазаҟынтә аҳауахь ихалаҵан аныҳәатә салиут.
Ԥхынгәы 3 рзы Аҟәа 2506 шықәса ахыҵра амш азгәарҭоит. Ари аныҳәа есышықәса ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы иазгәарҭон, аха сынтәа уи Тамшьтәи адесант аныӡхыҵыз амш иахьақәшәаз азы амҽышахь ииагазарц ӡбан.