Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Берулааи Қәҭелиеи медалла ашкол алгара иацу аџьабаа иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Беруалааи Қәҭелиеи медалла ашкол алгара иацу аџьабаа иазкны
Анапаҵаҩра
Хьтәы медалла сынтәа Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ иалгаз Саид Берулааи Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиеи арадио аефир аҟны иалацәажәеит аҵарашықәс алҵшәа, амедал аԥсахаразы ахы аус адулареи ачҳареи шаҭаху.
Ашкол аҟны зҵара бзиаӡаны ихзыркәшаз Саид Берулаа иазгәеиҭеит ицәажәараҟны иаиҭаз аԥышәарақәа уадаҩын ҳәа шизымҳәо, избанзар 11 шықәса инеиԥынкыланы аҵара иҵон, иҽазыҟаиҵон.
"Аԥышәарақәа ҳарзааҭгылозар, алгебра, аҭоурых, аԥсуа бызшәа, алитература исгәаԥхо, исыцааиуаз амаҭәарқәа роуп азы, исцәыцәгьан ҳәа сызҳәом… Иҟан, ҳәарада, агәыҩбара (амедал азы аҽԥышәара иазкны - аред.), избанзар уаанӡа ашкол иалгахьаз срацәажәон, урҭгьы ирҳәон анерв, агәамҵра ацуп ҳәа, аха сара сақәшаҳаҭхеит амедал аиуразы аԥышәарақәа рыҭира, агәаҭаратә усурақәа рыҩра", - иҳәеит Берулаа.
Аслан Қәҭелиа иажәақәа рыла, аушьҭымҭацәа ирзымҩаԥгаз аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысит.
"Аԥкрақәа аныҟаз аамҭазы ҳаушьҭымҭацәа ирылшеит рхы аарԥшра. Амедалистцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 3-ҩык аушьҭымҭацәа Урыстәыла Актәи аканал ала ицо адырраҭара "Умники и умницы" иалахәыз, алҵшәа бзиагьы аадырԥшит. Амедал зауа рхыԥхьаӡара есышықәса ацлара иаҿуп, уи ҳара ҳзы гәадуроуп", - иҳәеит Қәҭелиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Сынтәа Аԥсны ашколқәа ирылгеит 1846-ҩык аҵаҩцәа. Урҭ рахьынтә жәҩык хьтәы медалла иалгеит, хҩык - араӡны.
Зҵара медалла сынтәа ихзыркәшаз быжьҩык аҳҭнықалақь ашколқәа ироушьҭымҭацәоуп - Сариа Аргәынԥҳа, Дариа Ситникова, Анна Амҷԥҳа, Саид Берулаа, Николь Адлеиԥҳа хьтәы медалла иалгеит; Диана Киулиани Армине Зазиани - араӡны.
Пицундатәи аҩбатәи ашкол иаушьҭымҭацәоуп ахьтәы медал иаԥсахаз Диана Бостанџьиани раӡны медалла зҵара хзыркәшаз Лана Дбари. Тҟәарчалтәи аҩбатәи ашкол иалгеит - ахьтәы медал ала Анаида Чолохиан, араӡны медал ала Хьыбла Шаҭ-иԥа .
Ажәабжьқәа зегьы
0