Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаартын

© Sputnik / Томас Тхайцук Открытие сухумского бассейна
Открытие сухумского бассейна - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аартын 1980 шықәсазы, Москватәи аолимпиада аламҭалаз. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ахыбра ааха аиуит, уи аахыс еиҭашьақәыргыламкәа иҟан.
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи аӡҭарчы аадыртит ԥхынгәы 5 рзы.

Аӡҭырчы аҵаулара – 2,25 метра, аҭбаара – 20 метра, аура – 50 метра иҟоуп. Иара 120-ҩык акуеит.

Аҟәатәи аӡҭарчы 2007 шықәсазы ақалақь ахадара қьырала ЗҲәА "Аквастройинвест" ианаҭеит. Уи арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Абри аамҭала ажәытә комплекс ықәган, адренажтә трубақәа шьҭаҵан, аӡыҭгагақәеи аӡрыцқьагақәеи ргылан, аҽыкәабарҭақәеи, аҽеилаҳәарҭақәеи, атрибунақәеи шьақәыргылан.
© Sputnik / Томас Тхайцук Открытие сухумского бассейна
Открытие сухумского бассейна - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2022
Открытие сухумского бассейна
Аилахәыра "Аквастрой"ахада Олег Иурченко иажәақәа рыла аӡҭарчы ашьақәыргылара аамҭа рцәагеит избанзар ачаша ԥҽын. Аӡы аԥхарра +26 градус иҟоуп бжьаратәла.макьаназы аӡҭарчы аԥхын ауп аус анауа арԥхагатә система ахьыҟам азы.
"Ҳара азыҳәа ҟаҳҵеит аӡырԥхараз афымцамч ала ҳаиқәдыршәарц аха ҳзыҳәа мап ацәкуп амшынԥшаҳәаҿ афымцамчлшарақәа ахьмаҷу азы. Ҳгәыӷуеит ақалақьи ауаажәларреи адгылара ҳарҭап ҳәа" - иҳәеит иара.
Аӡҭарчы аус аулоит ашәахьа-асабша, асааҭ 8:00 - 21:00 рзы. Амҽыша ԥсшьарамшхоит. Аҳәса рҭаара амшқәа ҳәа иазыԥхьаӡоуп – ахашеи асабшеи. 6 - 16 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы ахәԥса 200 мааҭ итәоит, мызктәи абонемент- 2000 мааҭ. Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа рзы абилеҭ 250 мааҭ иаԥсахоит, абонемент-2500 мааҭ, Аԥсны атәылауаа рзы– 300 мааҭ, абонемент – 3000 мааҭ. Егьырҭ аҭааҩцәа рзы ахәԥса 400 мааҭ иҟоуп, абонемент- 4000 мааҭ. Аинвалидцәа хәыда-ԥсада аӡсара азин рымоуп.
Аӡсаразы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Виктор Задорожны иҳәеит ақалақь ахадара азин шыҟарҵаз аӡсаразы асекциа алахәылацәа ара рҽазыҟарҵаларц азы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Открытие сухумского бассейна
Открытие сухумского бассейна - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2022
Открытие сухумского бассейна
Ажәабжьқәа зегьы
0