Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиқәырхаҩцәа ирԥыхьашәеит Бзыԥ ибжьаӡыз аԥсыӡкҩы иҵәгәыр

© Foto / МЧС АбхазииПоиски пропавшего рыбака из села Бзыбь
Поиски пропавшего рыбака из села Бзыбь - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Анапаҵаҩра
Бзыԥҭа аҳаблан инхо 40 шықәса зхыҵуа Сергеи Нубариан ԥсыӡкра дцеит ԥхынгәы 1 азы, уи аахыс ихабар ыҟам.
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Бзыԥҭа аҳабла анхаҩы Сергеи Нубариан ишишьҭау ишьҭоуп, аха уажәазы ирԥыхьашәаз иҵәгәыр заҵәык ауп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахьчаразы аԥшаара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Беслан Ласариа.
Ласариа иажәақәа рыла, Нубариан иԥшаара иалагеит ԥхынгәы 2 рзы, уи мҩаԥыргоит Гагра араион ахьчаразы аԥшаара-аиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа, Зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә гәаҭара амаҵзура, Гәдоуҭа абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә хәҭа русзуҩцәа.
"Ҳара иҳарҳәеит иара иҩны ааигәара ԥсыӡкра бзиа ишибоз, ари аҭыԥ аҿы ладеи ҩадеи зегь гәаҳҭеит, анышьқәа рыла ҳаӡхыланы ҳаԥшааит, аҟәара шьапыла еимаҳдеит, аха иҵәгәыр ада акгьы ҳамбеит. Аԥшаарақәа актәи амш азы аӡы шьҭыҵны иҟан, иаӷьын, ихәашьын. Есыҽны аӡы алаҟәра иаҿуп шьҭа, аӡгьы ацқьахара иаҿуп, аха макьана дҳамбаӡацт", - иҳәеит иара.
Ласариа ишиҳәаз ала, ашьыжь шаанӡа инакрны хәылбыҽханӡа аԥшаарақәа ирҿуп, аха аӡы ахьаӷьу азы ихәыҵаланы ирызгәаҭаӡом, хыхьлоуп ишрылшо.
Аԥсыӡкҩы иҵәгәыр еибыҭаны ирбеит абжьааԥны аԥсыӡ ахьиклоз аҭыԥ 700-1000 метра инацәыхараны, убри аҟнытәи аиқәырхаҩцәа агәаанагара роуит иара аԥсыӡкха имоукәан аӡиас даныруаз аӡы дагеит ҳәа.
Ласариа иазгәеиҭеит ибжьаӡыз ахаҵа аепилепсиа шимаз, аԥсыӡкраан уи изцәырҵзаргьы ҟалоит ҳәа. Абжьааԥны иара иҩыза дицны дцалон, аха уи аҽны ихала ддәықәлеит.
Арегламент инақәыршәаны, ибжьаӡыз ишьҭоуп раԥхьатәи бжьымш есыҽны, анаҩс мчыбжьык ахь знык-ҩынтә иԥшааразы идәықәлалоит.
Учения МЧС РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2022
Аԥсны
Бзыԥҭа ақыҭа анхаҩы хабарда дыбжьаӡит
Ажәабжьқәа зегьы
0