Аԥсны аҿар рфестиваль "Манжерок" иалахәхоит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсесезонный курорт Манжерок
Всесезонный курорт Манжерок - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль "Манжерок" хықәкыс иамоуп Евразиа атәылақәа рҟынтәи аполитикатә ԥхьагылаҩцәа ҿарацәа реидкылара.
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынгәы 5-10 рзы Алтаитәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥысуа аҿар рфестиваль "Манжерок" Аԥсны алахәуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥснытәи аделегациа алахәыла Руслана Гьергьедааԥҳа.
Аԥснынтәи аделегациа лара лыда иалоуп Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аусбарҭа аҟаза хада Ҭенгиз Шьанаа.
"Уажәы ҳара Алтаи ҳаҟоуп. Ара даара иԥшӡоуп. Ҳамшқәа аинтерес рыҵаны имҩаԥысуеит. Агәахәара ҳарҭеит Алтаи ахада иеиԥш, "Иаку Урыстәыла" ахаҭарнакцәа рықәгыларақәа. Апленартә еилацәажәараҿы дықәгылан зеиԥш дыҟам Исаев Андреи Константин-иԥа – "Иаку Урыстәыла" афракциа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ", - еиҭалҳәоит Гьергьедааԥҳа.
Аԥсны ахаҭарнак афестиваль аҟны иқәгылаз аспикерцәа рыбжьара иҵегьы иалылкааз дреиуоуп Russia Today аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Анна Белкина.
"Иаҳдырҵоит еиуеиԥшым ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рызхьаԥшшьа, аинформациатә еибашьра аҿагылашьа, ахатә гәаанагара азықәԥашьа. Алекциақәа акыр аинтерес рыҵоуп. Уаҵәы Алтаи ахада ҳаиԥылараны ҳаҟоуп. Аԥснытәи аделегациа азхьаԥшра ду амоуп", - ҳәа лҳәеит Гьергьедааԥҳа.
Афорум аҿы лара Аԥсны атуристтәии егьырҭ алшарақәеи рзы ажәахә ҟалҵараны дыҟоуп.
"Аԥсны арекреациатә лшарақәас иамоу, иара убасгьы ареспубликахь аинвестициақәа радԥхьаларазы иаҭаху азы ажәахә ҟаҵахоит. Раԥхьа иргыланы сара Аԥсны ӡырызгоит туристтә ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, иара убас аекономикатәи акультуратәи ган ала иаасырԥшуеит", - лҳәеит лара.
Гьергьедааԥҳа иазгәалҭеит афорум алахәылацәа жәпаҩык ареспублика аинтерес шрымоу, ишырацәаҩу атәыла иаҭаар зҭаху.
Россотрудничество еиҿнакааз ауснагӡатә апрограмма "Абиԥара ҿыц" иахәҭакуп. Иара хықәкыс иамоуп Евразиа атәылақәа рҟынтәи аполитикатә ԥхьагылаҩцәа ҿарацәа реидкылара. Алахәылацәа рзы аимак-аиҿак амҩаԥгарҭақәа, арҵаратә ҟазаратә-классқәа, аекспертцәа рԥылара, астол гьежьқәа, аспорттәии аинтеллектуалтәии еицлабрақәа азырхиоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0