Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

МГИМО астудентцәа Аԥсныҟа иааны аҿар ирԥылоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТоржественное открытие Одинцовского филиала МГИМО
Торжественное открытие Одинцовского филиала МГИМО - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Анапаҵаҩра
Аиԥылара ҟалоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы.
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Москватәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҳәынҭқарратә университет (МГИМО) астудентцәа Аԥсныҟа иааны аԥсуа ҿар - апроектқәа "Аԥсны агәадура", "Аԥсны аԥеиԥш" рлахәылацәа, ААУ астудентцәа - ирԥылараны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит ААР Амедиацентр.
Аиԥылараан аҿар аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рактуалтә аспектқәа, Аԥсны иахьатәи аамҭазтәи аекономика, асоциалтә сфера, акультура ирылацәажәоит.
"Аконференциа хықәкыс иамоуп Урыстәыла игылараны иҟоу аелита - МГИМО астудентцәа Аԥсны зеиԥшроу дырбара. Аиԥылараан иддырбоит Аԥсны иазку авидеонҵамҭа, имҩаԥыргоит аҭыԥԥшӡарақәа рахь аекскурсиақәа, анаплак дуқәа ддырбоит. Аиԥылараан астудентцәа алшара роуеит актуалтә темақәа рзы еилацәажәарц, азҵаарақәа рҭиирц", - лҳәеит асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ацхантәаҩы Милана Ҳашԥҳа.
Аконференциа амодераторс дҟалоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Уи далахәхоит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Ареспублика иаҭаауеит москватәи ауниверситет астудентцәа 50-ҩык. Аԥсуа ҿари дареи еиԥылоит ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0