Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит VIP-екскурсиа Аԥсны аларҵәара ахьынӡамоу, иаҵанакуа

Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит VIP-екскурсиа Аԥсны аларҵәара ахьынӡамоу, иаҵанакуа
Анапаҵаҩра
Атуристтә фирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит зыҩаӡара ҳараку хаҭалатәи аныҟәарақәа (VIP-екскурсиа) ҳтәылаҟны аларҵәара ахьынӡарымоу, урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсшьаҩцәа ирыдыргало атәы.
"VIP-екскурсиа аан аԥсшьаҩы иалихуеит ииҭаху ахырхарҭа, акы ациҵоит, иагирхоит, ишиҭаху ала ишьақәиргылоит аца́гамҩа. Иҟоуп ҿыц еибагаз анаауа, аҭыԥ ԥшӡақәа рахь иныҟәаҳгоит. Иҟоуп имаҷымкәа адҵааларақәа Шәачатәи атурфирмақәа рҟынтәи. Артистцәа, ашәаҳәаҩцәа анаалак, мышктәи аекскурсиа рзымҩаԥаагоит Аԥсны "Ахьтәы мацәаз" ҳәа ззырҳәо ахырхарҭала. Уи Риҵеи Афон ҿыци аҵанакуеит. VIP-екскурсиа аан аԥсшьаҩы иалихуеит аҭыԥи уи аҟны шаҟа аамҭа ихигар иҭахуи. Аԥсшьаҩцәа рзы егьыс аныҟәарақәа анеиҿаҳкаауа, иазыԥҵәоуп аамҭа, иарбан ҭыԥу уахьаангыло", - лҳәеит Маланиаԥҳа.
Убасгьы иазгәалҭеит Урыстәыла анаҩс егьыҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахьынтә иаауа рзы англыз бызшәала ишымҩаԥырго хаҭалатәи аныҟәарақәа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0