Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

XIX Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аҟәа-Open 2022" аихшьаалақәа ҟаҵоуп

© Sputnik / Леон Адлейба Первый международный шахматный рапид-турнир
Первый международный шахматный рапид-турнир - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2022
Анапаҵаҩра
Атурнир иалахәын 70-ҩык рҟынӡа ашахматасыҩцәа Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Ашахматтә турнир "Аҟәа-Open 2022" Аҟәа аартын ԥхынгәы 1 азы, ихыркәшахеит иахьа ԥхынгәы 12 рзы, аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Атурнир аҿы аиааира игеит ФИДЕ аҟаза Евгени Красильников -Челиабинск, аҩбатәи аҭыԥ никылеит аҟәатәи аспортсмен Тристан Кәарцхьиа, ахԥатәи - Рамиль Садыков -Казань.
Аветеранцәа рыбжьара аиааира игеит тулатәи ашахматасыҩ Михаил Кынин.
16 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит Аскар Аџьынџьал, аӡӷабцәа рыбжьара - Сарида Лакәатааԥҳа.
12 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз рзы еиҿкаан атурнир В, 8 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз рзы атурнир С. 12 шықәса зхыҵуаз рыбжьара аиааира ргеит: Герман Жирков - Астрахань, Нестор Багаҭелиа – Аҟәа, Емиль Аведикиан – Гәылрыԥшь.
8 шықәса зхыҵуаз рыбжьара аиааира ргеит: Осман Ашәба –Аҟәа, Анна Палаванӡиаԥҳа- Аҟәа.
Атурнир аиҿкааҩцәа аиааира згаз иранаршьеит ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥаратә ҳамҭақәа.
Россотрудничество аҟынтәи ҳамҭаны ироуит ашәҟәқәеи урыстәылатәи асимволика зну ашәҵатәқәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0