Естониатәи аӡбарҭа Sputnik Meedia уаанӡатәи аусзуҩ илымхыз лмазара ахәҭак лыздыргьежьит

© Sputnik / Доминик Бутен / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗимняя сессия ПАСЕ
Зимняя сессия ПАСЕ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, мшаԥымзазы Sputnik Meedia аредактор-еиҳабы Елена Черышева даанкылан Естониа жәларбжьаратәи асанкциақәа еилалгеит ҳәа. Лыҩны еимдан. Анаҩс ажурналист атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы лнапы аҵарыҩны доушьҭын.
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Естониа, Хариуктәи ауездтә ӡбарҭа Sputnik Meedia уаанӡатәи аредактор-еиҳабы Елена Черышева илымырхыз лмазара ахәҭак дыргьежьит. Абри азы лара РИА Новости адырра алҭеит.
"Ԥхынгәы 7 рзы Хариуктәи ауездтә ӡбарҭа адукат Свен Силлар иашшыԥхьыӡ иҵоураз аҭак арҭеит. Иара аҳәара ҟаиҵон Апрокурор хада иқәҵара (17.06.2022ш.) аԥыхны 6.04.2022 шықәсазы, аҩнеимдараан ирга амазара ахәҭак дыргьежьырц", - ҳәа еиҭалҳәоит ажурналист.
Уаанӡа лдукат ҩынтә азыҳәа наишьҭхьан Черышева лмазара архынҳәразы: аԥхьа апрокурор Таави Перну иахь, анаҩс Апрокуратура хадахьы, аха рыҩынтә раангьы мап ицәкын.
"Хариуктәи ауездтә ӡбарҭа аӡбарала иазгәанаҭоит аҩнеимдара ҵаҵӷәы шамами азакәан ишаҵанамкуеи, иара убас, Таллинтәи аокругтә ӡбарҭа аӡбара (10.05.2022ш.) азгәаҭо, еилкаам аҩнеимдараан игаз амазара зыдмырхынҳәуа ҳәа", - лҳәоит Черышева.
Елена Черышева - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Естониа амчрақәа Sputnik Meedia аредактор-еиҳабы доурыжьҭит
Хәажәкыра алагамҭаз естониатәи аинформациатә интернет-портал Sputnik Meedia алаҳәара ҟанаҵеит естониатәи амчрақәеи абанкқәеи рганахь ала иамоу ақәыӷәӷәареи аԥкрақәеи, ажурналистцәа рықәмақарреи рзы ҳусура аанкылахоит ҳәа.
Sputnik Meedia – ари, 2020 шықәсазы естониатәи аполициа ақәмақаррақәа ирхырҟьаны иаркхаз уаанӡатәи Sputnik Естониа ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0