00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Русские имена на карте мира
14:04
22 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Мировые острова с русскими именами
14:33
25 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа аимпорт аԥсахреи атауареикәыршара ашьҭыхреи ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа аимпорт аԥсахреи атауареикәыршара ашьҭыхреи ирызкны
Анапаҵаҩра
Анаплакҩы, Ауаажәларратә палата алахәыла Абесалом Кәарҷиа арадио аефир аҟны далацәажәеит аимпорт аԥсахреи атауареикәыршара аизырҳаразы иахьазы Аԥсны лшарас иамоу.
Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани русутә ныҟәараан аҳәынҭқарра ахада иҳәеит аимпорт аԥсахреи атуризм аҿиареи рзы Урыстәылатәи апрограммақәа активла аҽалархәра ишазхиоу Аԥсны. Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров иазгәеиҭит, Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара атауареикәыршара жәантәны аизырҳара гәҭакыс ишрымо.
Аимпорт аԥсахразы апрограмма алахәхара феида алоуп, аха уи иахьазы Аԥсны азыҟаҵам ҳәа иԥхьаӡоит анаплакҩы Абесалом Кәарҷиа.
"Араантәи иаҳго уахәаԥшыр, Аԥснытәи иаҳҭиуеит аҩы, ацитрус, араса. Башкортосҭан хәыҷык ихароуп азы лассы ибжьысуа аалыҵқәа рымҩангара шәарҭоуп. Абарҭ апозицақәа ирыцаҳҵартә еиԥш ҳара иаҳҭахуп ақыҭанхамҩа аганахь ала амаругақәа, атехника. Ақыҭанхамҩа аганахьала иҵегьы ҳаҽҳарӷәӷәароуп. Усҟан ицәыраҳго рацәахон, аха иахьа жәантә атауареикәыршара еизҳарҳартә макьана ҳазыҟаҵам," – иҳәеит Кәарҷиа.
Убри аан иазгәеиҭеит ҳҳәынҭқарра алшарақәа шмаҷым, аха азыҟаҵара шагу, ас еиҧш аус хшыҩла, ҷыдала ишазнеитәу, анаплакыҩцәа рмал шыхьчахо азы ишырҭаху ахәдықәҵара, аҳәынҭқарра аҟынтәи адгылара.
Аԥсны аус здуулаша апроектқәа ртәы даналацәажәоз, Кәарҷиа ҿырԥштәык аҳасабала иааигеит ажәлақәа рааӡара, раарыхра иадҳәалоу.
"Аԥсны иааурыхыр ҟалоит ажәлақәа, урҭ рыхә уажәы даара иҳаракуп. Аԥш ҩежь ажәла иаԥсоуп 10-15 нызқь мааҭ. Уи ада ирацәоуп иааурыхыша егьырҭ ажәлақәа, аха иахьатәи ҳалшарақәа азхаӡом, иаҭахуп аспециалистцәа, аинвестор ицхыраарагьы. Иаҳҳәозар, еицтәароу ( параллельный-азгә.) аимпорт, убри иҳамоу атранзиттә ҭагылазаашьа ҳхы иархәаны ҳекономика шьҭаҳхырц алшара ҳнаҭоит. Ари ирласны ҳхы иаҳархәароуп, ҳара ҳҟны аусӡбара хәыҷык ихьанҭоуп, аамҭа цоит ",- иҳәеит Кәарҷиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0