Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габелиа Аҟәатәи абааҟны сынтәа ирԥшаахьоу атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габелиа Аҟәатәи абааҟны сынтәа ажрақәа раан ирԥшааз атәы
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи абааҿы иԥшааyп ажәытәан аибашьраҿы рхы иадырхәоз ахқәа. Урҭ злыху, аамҭала иарбан шәышықәсоу изҵазкырц алшо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ААУ аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа.
Ҩымчыбжьа ҵуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа аԥхынтәи рыпрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳҭнықалақь амшын аԥшаҳәаҿы Аҟәатәи абаа иахьаҵанакуа ажрақәа мҩаԥысуеижьҭеи.
"Аҟәатәи абаагәараҿы абаҳа аныҵаушьлак инаркны аԥшаахқәа уԥылоит. Абзарбзанқәа ирҭарҵо ахқәа уаанӡагьы иаҳԥылалон, аха акы-ҩба. Иахьазы иаҳԥылеит еизганы иахьышьҭаз. Зегьыцәҟьа макьана ирыцқьам, аха 70 инареиҳаны иаҳрыцқьахьеит. Ҳақәшәеит дара еизганы иахьышьҭаз аҭыԥ. Иарбан аамҭоу изҵазкуа атәы ҳҳәозар, иара Аҟәатәи абаагәара аурысцәеи аҭырқәцәеи изныкымкәа рнапахьы иааргахьан, ҳгәаанагарала аурысцәа аныҟаз аамҭа ауп, а-ХIХ-тәи ашәышықәса. Ахқәа злыху амаҭәашьар еиԥшым, иҟан иԥжәоз аҭыџь иалхыз ахылҳәа, ус баша идыршәоз. Рыкапан еиԥшӡам дара кьылак-ҩкьылак инаӡоит", - иҳәеит Габелиа.
Аҟәатәи абааҟны ҩажәа шықәса инацны аҭҵааратә жрақәа мҩаԥыргоит астудентцәа рымчала. Инарҭбааны аусзуҩцәа адԥхьаланы аекспедициа амҩаԥгаразы алшарақәа ыҟам макьаныз ҳәа азгәеиҭеит Габелиа.
Арҭ ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажрақәа раан антикатәи аамҭа, абжьаратәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа аԥшаахқәагьы рԥыхьашәахьеит.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0