Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шәлымԥҳа Гәдоуҭа ашколқәа рҿы еиҿкаау аекологиатә проект азы: иаднаԥхьало рацәаҩхеит

Шәлымбы Гәдоуҭа ашколқәа рҿы еиҿкаау аекологиатә апроект азы: иаднаԥхьало рацәаҩхеит
Анапаҵаҩра
Аекологиатә проект аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Гәдоуҭатәи ахәбатәи абжьаратә школ арҵаҩы, араион аҵара аҟәша аспециалист Стелла Шәлымԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Ауадҳара имҩаԥгаз аекологиатә лагер атәы.
2015 шықәса инаркны Риҵатәи амилаҭтә парки Гәдоуҭатәи аҵараҟәшеи имҩаԥыргоит аекологиатә проект, уи хықәкы хадас иамоуп Аԥсны акырзҵазкуа аԥсабаратә ҭыԥқәа рыхьчареи ахдырреи ҳәа азгәалҭеит аицәажәараҿы Шәлымба.
"Аиҵбыратәи аклассқәа реиԥш аиҳабыратәи аклассқәагьы гәахәарыла рхы аладырхәит апроект. Имҩаԥган истандартәым аурокқәа, асахьақәа рцәыргақәҵа. Иара убас ашколхәыҷқәа аҳәырԥсарра иаҭааны авидеонҵамҭақәа ҟарҵеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Шәлымԥҳа.
Анаҩс араион аҟны Риҵатәи апарк аиҳабыра рнапхгарала имҩаԥган иалкаахаз ашколхәыҷқәа еиуеиԥшым аҳамҭақәа ранашьара, иара убас арҵаҩцәа афинанстә цхыраара рыҭара. Уи адагьы сынтәатәи апроект аҩнуҵҟа ахәыҷқәа иаздырхеит ҩ-ҭҵааратә усумҭак.
Стелла Шәлымԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит аекологиатә ҵарааӡара аинтерес шыҭбаахаз, апроект зхы алазырхуа ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡара есышықәса ишеиҳахо.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0