Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сергеи Бебиа имонографиа "Аԥсны абнақәа" аӡыргара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Презентация книги Сергея Бебия "Леса Абхазии"
Презентация книги Сергея Бебия  Леса Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, АНА академик Сергеи Бебиа имонографиа "Аԥсны абнақәа" аҭҵаарадырратә еилазаара ирыдгалан ԥхынгәы 19 азы.
Автор иажәақәа рыла аусумҭа азы аматериал 40 шықәса еидикылон.
"Иҟалоит аӡәы дҵаара абриаҟара аамҭа абаҭахыз ҳәа, аха Аԥсны абнақәа ирызкны иараҟара ирҭбаау усумҭа ҭымҵӡацт. Уаанӡа ари атема иазкны иҭсыжьхьан астатиақәа, 1930 шықәсазы иҭыҵхьан ашәҟәы "Аԥсны абнақәа", аха арҭ аусумҭақәа хҳәааҟаҵаран. Ари ашәҟәы акәзар, аҭҵаарадырратә шьаҭа амоуп", - иҳәеит иара.
Сергеи Бебиа имонографиаҿ азхьаԥшра ду аҭоуп абнеиҿкааратә процесс аҭҵаара, иаарԥшуп абна аусхк анапхгаратә стратегиа, ирылацәажәоуп ашьхараҿ абнанхамҩа амҩаԥгара.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиа имонографиа Аԥсны абнақәа иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Арадио
Бебиа имонографиа азы: Аԥсны абнанхамҩатә стратегиа арбоуп
Аусумҭаҿ аҵарауаҩ иазгәеиҭоит, 1981 шықәсазы Аԥсны 560 нызқь гектар абнара шыҟаз, уи аахыс абнақәа рҵакырадгьыл ҭҵаамкәа иҟан.
"Ҳабнақәа хьчалатәуп. Ҩ-миллионк инареиҳаны изхыҵуа ареликттә ҵиаақәа ҳамоуп. Абна ҳаԥсабара ахьчоит, ареспублика асоциал-економикатә цхыраараҿы ихәарҭоуп", - иҳәеит Бебиа.
Амонографиа аҭҵаарадырра, аҟазауаа, арҵаҩцәа, астудентцәа, иара убас аԥхьаҩцәа рзы ихәарҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0