Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шьынқәырԥҳа еиҭалҳәеит ишәарҭоу акарантинтә чымазарақәа рзы Аԥсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Шьынқәырҧҳа еиҭалҳәеит ишәарҭоу акарантинтә чымазарақәа рзы Аҧсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу
Анапаҵаҩра
Ишәарҭоу акарантинтә чымазарақәа ыҟоума Аԥсны, аҵиаақәа зырчмазҩо ахәаҷамаҷақәа шаадырԥшуа, урҭ реилыргаразы лшарас иҟоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҳәынҭқарра акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа.
Аԥсны аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷақәа рхыҧхьаӡара маҷым, Акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аусзуҩцәеи, аинспекторцәеи аамҭа-аамҭала араионқәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, лҳәеит алабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа.
"Акарантин аобиектқәа рыдагьы иара аҵиаақәа рҿы ахәаҷамаҷақәа, ачымазара бааԥсқәа ицәырҵуа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны еиԥш имаҷым, урҭ ахылаԥшра раҳҭоит. Иҳамоуп аԥхасҭа ҟазҵо ачымазара зырҵысуа ахәаҷамаҷақәа рсиа, убасгьы акарантинтә обиектқәа рахь иаҵанакуа аҵиаа бааԥсқәа рхыԥхьаӡара. Аинспекторцәа мызкахьы ҩынтә-хынтә раион цыҧхьаӡа иаҳзааргоит ауҭраҭых, ашәыр, аҵиаақәа рыхкқәа чмазарак ыҟоу аилкааразы . Ҳлабораториа маншәаланы ишьақәгылоуп агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы, амыругақәа зегь ҳамоуп", - лҳәеит Шьынқәырԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит иаҳа ишәарҭоу ҳәа ирԥхьаӡо ахәаҷамаҷақәа рыхкқәа арбану, урҭ ралкааразы аферомонтә кыгақәа шышьақәдыргыло. Илҳәеит аџьықәреи ахәыц анаанахәо ахҭысқәа шаарԥшыз ааигәа.
"Аԥсны иҟоу ахәаҷамаҷақәа роуп , ибааԥсу акарантинтә чымазара ҳәа макьана акгьы цәырымҵӡацт узыршәаша"- лҳәеит Шьынқәырԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0