Украинатәи ажурналист Дмитри Гордон ишьҭазаара рылаҳәоуп

© Foto / из архива Дмитрия ГордонаДмитрий Гордон
Дмитрий Гордон - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Анапаҵаҩра
Украинатәи ателехәаԥшра аҿы ишиашоу ицо аефир аҟны Гордон Урыстәыла иақәлатәуп, аиадертә еибашьра рылаҳәатәуп ҳәа ааԥхьара ҟаиҵеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Урыстәыла ААР Украинатәи ажурналист Дмитри Гордон ашьауӷатә хәҭаҷ ала ишьҭазаара рыланаҳәеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа.
Хәажәкырамзазы Ашьаусҭҵааратә еилакы Гордон иганахь ала х-хәҭаҷк рыла ашьауӷа хацнаркит: УА АЗ ахәҭаҷ 207 ахәҭа 2 ап. "а"; ахәҭаҷ 354 ахәҭа 2; ахәҭаҷ 282 ахәҭа 2 ап. "б" (иаартны аибашьрахь ааԥхьара; амилаҭҟазшьала аибацәымӷра арҵысра иазырхо ауснагӡатәқәа; Урыстәылатәи Афедерациа Арратә мчқәа румҭақәа рганахь ала иԥаршеиу аинформациа аларҵәара) инарықәыршәаны.
Украинатәи ателехәаԥшра аҿы ишиашоу ицо аефир аҟны Гордон Урыстәыла иақәлатәуп, аиадертә еибашьра рылаҳәатәуп, урыстәылауаа милаҭк аҳасабала инырҵәатәуп ҳәа ааԥхьара ҟаиҵеит, Урыстәылатәи ар рцәа ԥиҽуан. Иқәгылара авидеоҭаҩра Youtube-канал ала ирыларҵәан.
Ашьауӷаҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Ашьаусҭҵааратә еилакы ахантәаҩы Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит, ажурналист ишәҟәқәа рҵакы ахәшьара аҭазарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0