Урыстәыла аҩыза-ҳәынҭқаррақәа рзы ашьапылампылтә лига аиҿкаара агәҭакуп

© Sputnik / Леон Адлейба Судья на футбольном поле
Судья на футбольном поле  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Урыстәыла аспорт аминистрра, Аԥсны назлоу аҩыза-ҳәынҭқаррақәа ркомандақәа рзы ашьапылампылтә лига аиҿкаара агәҭакуп, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура аминистр ихаҭыԥуаҩ Одес Баисултанов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"ДЖәР имҩаԥаагоз аилацәажәараҟны иҳаӡбеит иаку Апремиер-лига аԥҵазарц, уа иалахәхоит аҩыза-ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа зегьы. Ҟрымтәи ашьапылампылтә еидгыла аԥышәеи арегион ахаҭа амилаҭтә студенттә шьапылампылтә лига ахәмаррақәа ахьымҩаԥнагои азгәаҭаны, ачемпионат амҩаԥгаразы иҳаӡбеит иаку аиҿкаара аԥҵара. Атурнир иалахәхоит Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа, Херсон, Запорожие, Аԥсны, Ҟрым, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ркомандақәа", - иҳәеит Баисултанов.
Баисултанов иажәақәа рыла, ари хаз игоу еиҿкаарахоит, ФИФАи УЕФАи ирылахәу Урыстәыла ашьапылампылтә еидгыла аструктурақәа ирыҵаркуам.
"Имҩаԥысуа аицлабрақәа ирҿырԥшны иазыԥхьагәаҭоуп ачемпионат Ҟрым аиԥш аҩыза-республикақәа рҿгьы амҩаԥгара. Апримиер-лига аиԥш ашьапылампыл Академиа аҟынтә аиҳабыратә қәра иаҵанакуа адыԥхьалахоит", - еиҭеиҳәоит Баисултанов.
Ачемпионат амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса хәажәкыра-абҵара амзақәа рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0