Италиа аԥыза-министр Марио Драги ԥхьатәара дцоит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСаммит G20 в Риме
Саммит G20 в Риме - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, ԥхынгәы 14 рзы Драги ԥхьатәара дышцо азы аҳәамҭа ҟаиҵахьан. Асеиԥш аӡбара мзызс иазгәаҭан атәыла апартиақәа иреиҳау руак адгылара ахьинамҭо.
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Марио Драги Италиа аиҳабыра рхада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы аҳәамаҭ ҟаиҵеит. Абри атәы аҩуеит РИА Новости, ахада Квириналтәи ихан аҟнытә адырра шьаҭас иҟаҵаны.

"Ареспублика ахада Серџьо Маттарелла иахьа ашьыжь Квириналтәи ихан аҟны дидикылеит Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы, апрофессор Марио Драги. Драги даҽазныкгьы иҳәеит Асенат аҿы иацтәи абжьыҭира ашьҭахь ԥхьатәара ацара шиӡбаз. Ареспублика ахада уи дақәшаҳаҭхеит. Атәыла аиҳабыра иҟоу азҵаарақәа рыӡбаразы макьаназы рҭыԥқәа рҿы иҟоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Ииасыз амчыбжь азы Драги ԥхьатәара дышцо азы аҳәамҭа ҟаиҵахьан. Асеиԥш аӡбра мзызс иаман атәыла апартиақәа иреиҳау руак "Хә-еҵәак реидгыла" адгылара ахьинамҭо, игәрагаразы апарламенттә вотум иахьадымгылаз, аԥыза-министр икоманда ирыднагалаз ажәадгалақәа мап ахьырцәыркыз.
Уаанӡа Италиа аиҳабыра асенат аҟны агәрагаразы авотум аҿы абжьқәа реиҳарак аиуит. Драгии икабинети ирыдгылан рыбжьы рҭиит 95-ҩык 133-ҩык асенаторцәа рҟынтәи. Убри аан апартиа дуқәа - "Хә-еҵәак реидгыла", "Ԥхьаҟа, Италиа", "Алига" абжьыҭара зынӡагьы рхы аладмырхәӡеит.
Борис Джонсон - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Британиа ду аԥыза-министр Борис Џьонсон ԥхьатәара дышцо иҳәеит
Абри аԥхьа Британиа аԥыза-министр Борис Џьонсонгьы ԥхьатәара дышцо иҳәахьан. Ҩымш уи аԥхьа аминистрцәа реилазаара аанрыжьит 50-ҩык уи алахәылацәа. Аиҳабыра Џьонсон иполитика агәра шырымго атәы рҳәеит. Џьонсон аԥыза-министр ҿыц далырхаанӡа инапынҵақәа рынагӡара игәҭакуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0