Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион ахада ацәгьоурақәа рганахьала аҭагылазаашьа шыҟоу иазку аҳасабырба ҟаиҵеит

© Sputnik Томас Тхайцук Наручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәса актәи азыбжазы Гәдоуҭа араион аҿы иазгәаҭоуп 50 цәгьоура.
ГӘДОУҬА, ԥхынгәы 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҿы 2022 шықәса актәи азбжазы ацәгьоурақәа 86% аарԥшуп ҳәа Аслан Бжьаниа иирдырит араион ахада Баграт Боџьгәуа.
"2022 шықәса актәи азбжазы Гәдоуҭа араион аҿы иазгәаҭоуп 50 цәгьоура. 43 цәгьоура аарԥшуп. Ари 86% иҟоуп. Ацәгьоура хьанҭақәа 12 рҟынтәи 10 аарԥшуп, ари 83% иҟоуп", - иҳәеит иара.
Амуниципалитет ахада иажәақәа рыла, ииасыз ашықәс абри аамҭазы 45 цәгьоура мҩаԥган, иаарԥшын 38 (84, 4%). Ацәгьоура хьанҭақәа 13 рҟынтәи 9 аарԥшын (69,2%).
Ажәабжьқәа зегьы
0