Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аҿы алашараз ахәԥса аизгара ҩынтә еиҳахеит

CC0 / / Лампочки
Лампочки - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" адыррала, Гәдоуҭа араион аҿы алашара ахәԥса аизгара 30% инаӡеит 2022 шықәса актәи азбжазы.
ГӘДОУҬА, ԥхынгәы 22 – Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы алашараз ахәԥса аизгара ҩынтә еиҳахеит ииасыз ашықәс иаҿырԥшны ҳәа иҳәеит иҳасабырбаҿы араион ахада Баграт Боџьгәуа.
2022 шықәса фымз рыла 14 675,2 нызқь мааҭ еизгоуп (2021 шықәсазы - 7 405 ,9 нызқь мааҭ).
Ԥхынгәы 1 аҟынӡа рхы иадырхәаз афымцалашара ахәԥса 40 копеи ыҟан ауааԥсыра рзы, 85 копеи аиурист хаҿқәа рзы. Ԥхынгәы 1 инаркны афымцамч абзазаратә хықәкқәа рзы зхы иазырхәо, агәаҭагақәа ззықәгылам ахатәхаҿқәа киловат-сааҭк азы 90 капеи ршәалароуп, агәаҭагақәа ззықәгылоу асоциалтә нормақәа ирхымсуазар - 70 капеи ршәалароуп, урҭ ирхыҳәҳәозар – 90 капеи. Ахәқәа аамҭа-аамҭала ишьҭырхлоит.
Аԥсны афымцалашара ахәԥса аекономикатә шьаҭа аҭаны ишьҭырхлоит хәышықәса рыҩнуҵҟа - 2026 шықәсазы ахәзыԥҵәа 2 мааҭк еиҳахоит аекономикатә ҵаҵӷәы змоу аҩаӡараҟынӡа инеиразы.
Центр города Гудауты  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҿы ашәахтәқәа рышықәсыбжатә план иацҵан инагӡоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0