Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Мурзалоӷлы сынтәа акарпыжә аарыхразы: ақәа иауа даара иаԥырхагахеит

Мурзалоӷлы сынтәа акарпыжә аарыхразы: ақәа иауа даара иаԥырхагахеит
Анапаҵаҩра
Макьана ираамҭоума аҭыԥантәи акарпыжәи ашьынкеи, насгьы анхаҩы уи иадибало аџьабааи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Баслахә ақыҭан акарпыжә аазрыхуа Денис Мурзалоӷлы.
"Аџьармыкьахь макьана ҳамцәырҵӡацт. Амза анынҵәо иҟалартә еиԥш алшара ыҟоуп. Акарпыжә заа алаҵара зныкымкәа-ҩынтәымкәа ҳалагахьан, аха иара ианаамҭоу иҟаҵатәуп. Арԥхагақәа рҿы иҟаҳҵахьан, аха уи амш аныбзиоу амра анԥхо иаартлатәуп, аха исзалымҵит. Ҳабацәа ишыҟарҵалоз еиԥш мшаԥымзазы иласҵоит, нас нанҳәамзазы иҟалоит. Сара хаҭала гектарки бжаки рҟынӡа акарпыжә ласҵоит, шьаҭала зқьы шьапы инацны иалҵуеит, тоннала 20-25 ҟалоит ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Мурзалоӷлы.
Денис иҳәеит акарпыжә ибзианы иҟаларцаз ишахәҭоу уазнеироуп, мышкы уагхар, ачымазара акыр ҟалоит.
Аиҿцәажәараҿы анхаҩы иҳәеит зны-зынла инырхуа ахәгьы шрызҭымго, арахь аџьабаа ду ацуп. Сынтәа ӡысаамҭахеит, ақәа иауа даара акарпыжә иаԥырхагахеит ҳәа еиҭеиҳәеит Мурзалоӷлы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0