Лавров еиҭеиҳәеит украинатәи арыц алгараз иҟоу аԥҟарақәа

© Sputnik / Artem KreminskyКолосья пшеницы
Колосья пшеницы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкрақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Сҭамбыл ԥхынгәы 22 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Москва иақәнырӷәӷәеит Урыстәылатәи аалыҵқәеи украинатәи арыци ралгара азҵаара "еидҳәаланы" иахәаԥшырц азы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иажәақәа шьаҭас иганы.
Аминистр иажәақәа рыла ҽакала иҟалазҭгьы Урыстәыла аилаӡара напы аҵаҩра иақәшаҳаҭхомызт.
"Арҭ азҵаарақәа рыҩба (урыстәылатәии украинатәии арыц алгара-азгә.) аӡбра еидкыланы иахәаԥшырц иақәҳарӷәӷәеит. Украинатәи арыц алгара иазку азҵаарақәа Сҭамбыл акоординациатә центр аилатәараҿы ирыӡблоит. Украина рҵакыратә ӡқәа ирыҵоу аминақәа еиҵыхны аидарамҩанагақәа ԥынгылада ииасырц ахәдықәҵара ҟарҵоит. Иаарту амшын аҟны рымҩа ахылаԥшра арҭоит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи арра-мшынтә мчқәа", - иҳәеит Лавров.
Аминистр иҳәеит, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш европатәи аҳәынҭқаррақәеи Америкеи Урыстәыла иақәырҵаз иарбанзаалак амҩатәи афинанстәи аԥкрақәа рхыхра ихахьы игеит.
Подписание соглашения по экспорту зерна с Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара афатә иазку аилаӡара рнапы еицаҵарҩит
Уи адагьы, Лавров иҳәеит украинатәи абаӷәазақәа ирыҵоу аминақәа ирыхҟьаны Украина иҭаԥахны ишгылоу 17 тәыла рҟынтәи 70 ӷба.
Уаанӡа Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Ердоган иҳәахьан, иааиуа амшқәа рзын Амшын еиқәа аҟны ишәарҭадоу амҩа шаартхо азы.
Амшын еиқәала украинатәи арыц аиагара аларшахоит х-баӷәазак Одессеи, Черноморски, Аладатәи реиқәшаҳаҭрала ашәарҭадаратә мҩа анаԥҵахалак.
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ахылаԥшрала Сҭампыл иаԥҵоу Аиҿкааратә еилакы аусқәа ирхылаԥшлоит. Арыц аиагаразы абаӷәазақәа рыҟны хылаԥшра арҭоит ЕАР, Ҭырқәтәыла, Украина рхаҭарнакцәа .
Ажәабжьқәа зегьы
0