"Саҳ" ҳәа зоуҳәаз, маҵуҩыс уиҭаххоит: аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәак рыхҳәаа

© Sputnik / Виталий Савельев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДолгожители аула Пшизов сидят на бревне.
Долгожители аула Пшизов сидят на бревне. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәак рыхҳәаа ҟалҵоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа дара аԥызҵаз ажәлар реиԥш ижәытәӡатәиуп. Дара шьақәгылоуп зыԥсы ҭоу, анаӡара бзиа змоу абызшәа ҿаца ахархәарала, ажәаԥҟақәа иахьатәи амш, иахьатәи аамҭазы иаԥҵоушәа еснагь актуалра рыҵоуп, ахшыҩзышьҭра ҵаулақәа дырҿиоит, ауаҩы хара дзырхәыцша рацәаӡаны ирҭоит.
Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2020
"Илауҵо ауп иааурыхуа": ахандеира иадҳәалоу аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа
Аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа аӡмыжь ҵаулеиԥш аҟәыӷара ргәылаҵәахуп. Урҭ ҳзеиԥшроу ҳдырбоит, иҳарҭоит амҩа, ҳдырхәыцуеит, иахьахәҭо ҳдыриашоит, ҳамҩақәырҵоит.
Маҷк иадамзаргьы аларҵәареи ахархәареи змоу жәлар ражәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи ҳаицрызхьаԥшырц сҭахын.
"Саҳ" ҳәа зоуҳәаз, маҵуҩыс уиҭаххоит. Ауаҩы ишихәҭам ала ҳаҭыр иқәуҵацәар, узыԥсоу аҵкыс уларҟәны духәаԥшуа далагоит. Аԥсҭазаараҿы уи аҩыза аҭыԥ шамоу атәы ҳаҵанаҳәоит абри аԥсуа жәлар ражәаԥҟа.
Ҩынаҳас ирымгаз аҭамадара даҳәон. Амаҵура маҷ зызныҟәымгакәа амаҵура ду иашьҭалаз, аус дуқәа ирхьынҳало ирзынархо жәаԥҟоуп.
Акәты ззырымшьуа, ашԥы деилаҳауан. Ауаҩы иқәнамго, дзыԥсам, имоуша, ихәҭам деилаҳар абас рҳәоит.
Иқәуԥшу амаҵуар абгажә иашьҭарҵом. Иқәыԥшу, аԥсҭазаараҿы макьана зԥышәа маҷу зынагӡара, зыҟаҵара мариам аус инапы ианумҵароуп. Убри ауп ажәаԥҟагьы иҳаҵанаҳәо. Азгәаҭа: амаҵуар-лашәарыцажәлоуп.
Национальный костюм  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2021
Афырхаҵареи агәымшәареи ирызку аԥсуа жәаԥҟақәак
Иҟалаша ҟалаанӡа ахәыц ала ҭнахит. Акаамеҭ ҟалеит анырҳәа, ахәыц ала ҭнахит ҳәа. Ауаҩы иаԥхьаҟа иԥеиԥшу, изыԥшу атәы цқьа еилымкааӡакәа ихы иазеицәоу аныҟаиҵалак абас изырҳәоит.
Ахьаԥарч зхылҵыз, иахәлаӷыӷуан (иахәлаџьаџьон) ҳәа. Ауаҩы дызхылҵыз, дзааӡаз иуаажәлар дырзымӡырҩуа, дырхымхәыцуа далагар, абас рҳәоит.
Ардәына шә-галабак здыруан, аха ахьшь (ахьшьыцба) анысӡывас (схы ианықәс), зегьы схашҭит аҳәеит. Ауаҩы иага идыруазаргьы, иага дҟәышзаргьы, дшәар, зегь ихашҭыр ауеит.
Ацыӷ аҵла иқәцаланы ахә зшьоз ҳәа. Уус уалгаанӡа, инаугӡаанӡа, иалҵуа убаанӡа алҵшәа уалацәажәо, заанаҵ ахә ушьо уалагар, абас рҳәоит.
Аԥсуа бырг - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2019
Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлон: аԥсыуа жәаԥҟақәак рҵаки рхархәашьеи
Ацә зҭиуаз "цеи-цеи" иҳәон, иаазхәоз "чыԥшь-чыԥшь". Досу ииҭиуа ахә ҳаракны ишьоит, избанзар иџьабаа адуп, џьабаала ишырҳау идыруеит. Иаазхәо иакәзар, уи ахә марианы иаур иҭахуп убри ауп иҳанаҳәо ажәаԥҟагьы.
Ҭакәажәык бжь-цуҭак лгәырҩон (хьаас илыман), лара уаҩы дигәалашәомызт. Иара аӡәгьы дигәаламшәо, зегь хьаас, гәырҩас измоу ихаҿсахьа аарԥшразы ахархәара змоу жәаԥҟоуп.
Амаҭ абылра иалызгаз инапы иацҳауан (иацҳаит). Ауаҩы абзиара анизуулак ашьҭахь, иара ацынхәра цәгьарала дузныҟәар, абас рҳәоит.
Акамбашь ахәыл абон, аанда абомызт ҳәа. Ауаҩ ԥсыцәгьа игәы иҭеикыз ҟаиҵарц, дзышьҭоу иԥшаарц данаҿу, иԥынгылақәа дызрызхәыцӡом, изгәаҭаӡом.
Адаӷь аӡы ианаанахәа, саргьы уахь агаҟа (амшын ахь) сцарц сҭахын аҳәеит. Ауаҩы иқәымҿиаз, имч зқәымхаз, цқьа изыҟамҵаз аус ихы амариашаны, саргьы абас иҟасҵарц акәын ишысҭахыз ҳәа аниҳәа, ихыччаны, абас рҳәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0