Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АшәМ аԥшыхәразы Қырҭтәыла атәылауаҩ лганахь ала ашьаус хацнаркит

© Sputnik / Томас Тхайцук Служба госбезопасности Абхазии
Служба госбезопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2022
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла атәылауаҩ, Аԥсны атәылауаҩра змамкәа ара инхоз, қырҭтәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рзы аԥшыхәра мҩаԥылгон.
АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ареспублика апрокурор хада иақәшаҳаҭрала аԥшыхәразы Қырҭтәыла атәылауаҩ Кристина Такаланӡе лганахь ала ашьаус хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа.

24-шықәса зхыҵуа Такаланӡе Жәыргьыҭ диит, милаҭла дақырҭуоуп, Гал араион Баҭаигәара (Набакеви - аред.) ақыҭаҿы дынхон.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Такаланӡе қырҭтәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рнапынҵақәа нагӡо аҳәынҭқарратә, арратә уҳәа Аԥсны азакәан иахьчо амаӡақәа рзеизылгон.
Қырҭтәыла Ашәарҭадаратә маҵзура иаиуз адыррақәа анаҩсан ахы ианархәар алшон Аԥсны ашәарҭареи, аконституциеи, ахьыԥшымреи рыҵшәааразы.
Уажәазы АШәМ ацәгьоуразы аршаҳаҭрақәеи аинформациеи реидкыларазы аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
АШәМ изакәанымкәан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа иахыгаз аҭаҭын аалыҵ амҽхак атәы иазааҭгылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0