Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Урыстәыла ахала зегь азыҟанаҵом": аполитолог Аԥсны шыҿиаша атәы далацәажәеит

© Sputnik / Акоп КущянСухумская бухта с коптера
Сухумская бухта с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоуп 2008 шықәсазы нап зҵаҩыз "Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы" Аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәсазы анапы зҵаҩыз "Аиҩызареи Астратегиатә партниорреи рзы" Аиқәшаҳаҭреи.
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Аԥсны аганахьала Урыстәыла аполитика акыр жәашықәса ԥхьаҟа иҳәаақәҵоуп ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит аполитолог Александр Скаков.
Скаков иазгәеиҭеит ареспублика ахала ахатә ҿиарамҩа ылнахыр шакәу, аекономикатә программа шьақәнаргылар шакәу.

"Иахьазы ареспубликаз абри ауп зегь раасҭа ихадароу. Урыстәыла Аԥсны иҟанаҵараны иҟоу зегь азыҟаҵом. Ашәарҭадара азҵаара аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп, избанзар уи аӡәгьы даԥырхагам", - иҳәеит иара.

Аидгылатә ҳәынҭқарра – Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Белоруссиа злалар ауа аиҿкааразы, еиуеиԥшым азҵаарақәа аус рыдулара аҭахуп ҳәа ишьоит Скаков.
Иара иажәақәа рыла, ари аҩыза аидгыла аиҿкаараан ихадароу асуверенитет аиқәырхароуп, избанзар иарбанзаалак аидгыла асуверенитет ахәҭак агоит.
Скаков иажәақәа рыла, Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа дырҿиалароуп азеиԥш ҵакыра аԥҵара аганахьала аҳәаақәа рыбжьыхралеи азакәанқәа реишьаршәалара алеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0