Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Америкатәи аицҭырҟьаратә ракетақәа HIMARS шә-цырак ҭархоуп

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование Дня ВМФ в Санкт-Петербурге
Празднование Дня ВМФ в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа амчратә усбарҭақәа адырра ҟарҵахьан HIMARS аҭырҟьа еиҳа иԥсыҽу "Ураган" ма "Смерч" реиԥш иҟоу аҭырҟьарақәа рыла ихырҩоит урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә системақәа реиҵаҟьаразы, рыхгәыцәқәа рнырҵәаразы ҳәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. Америкатәи аицҭырҟьаратә ракетақәа HIMARS шәкы ҭадырхеит Урыстәыла арра-космостә мчрақәа ааха зырҭаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа рыҟны Днепропетровтәи аобласт аҿы ԥхынгәы 24 рзы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иҭархан аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа зыхьчоз 120-ҩык аррамаҵзурауааи, аҳәаанырцәеибашьцәеи, атехникатә ҟазацәеи.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла ааха рыҭан УАМ 79-тәи адесант-жәыларатә бригадеи 28-тәи амеханизациа зызуу абригадеи ргыларҭақәа Николаев ақалақь аҿы. Иҭархан 200-ҩык аруааи 20 ак акәылӡтехникеи атехника ҷыдеи.
Аусбарҭа адыррала, Артемовск ааигәара иқәыцҟьаан УАМ 10-тәи ашьха-жәыларатә бригада аротақәа руак.
Иара убасгьы, ДЖәРи Запорожиетәи аобласти рҿы ааха рыҭан амеханизациа зызуу 54-тәи абаталион, 17-тәи атанктә бригада, 107-тәи аҵакырахьчаратә бригада, 65-тәи амеханизациа зызуу абригадеи адҵаҟаҵарҭақәа ԥшьбеи.
Уи адагьы, 142 раион рҿы аӷа ири итехникеи ааха рыҭан Харковтәи азауад "Украинатәи афмцамашьынақәа" назлоу, иара убасгьы иҭархан "Черная сотня" Артиомовск иахьаҵанакуаз. Иԥжәоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ааба Маиорск, Северск (ДЖәР), Новоандреевка, Малые Шьербаки, Степовое (Запорожиатәи аобласт), Кульбакино (Николаевтәи аобласт) рҿы.
Уахыки-ҽнаки рыла иҭархан: ареактивтә системақәа "Ураган" рбатареиа, артиллериатә гаубицақәа "Гиацинт-Б" рбатареиа Дзержинск араион аҿы, РСЗО "Град" абатареиа Былбасовка, артиллериатә агаубицақәа "Мста-Б" рвзводқәа ҩба, Д-30 авзводқәа хәба Отрадовка, Дзержинск, Новгородское, Водианое, Константиновка, Курахово, Георгиевка рҿы.
Уничтоженная военная техника ВСУ в окрестностях Херсона - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар HIMARS аџьаԥҳаны ахьышьҭаз Украина аԥсахырҭатә ҭыԥ ԥыржәеит
ПВО ахархәарала икажьын авертолиот Ми-8 Николаевтәи аобласт, Бармашово аҿы, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба Петровское, Новомаиорское (ДЖәР), Барабашовка, Михаиловка, Петропавловка, Каменка (Харковтәи аобласт), Кузьмино (ЛЖәР) рҿы.
Урыстәыла жәабран 24 рзы Украина арратә операциа ҷыда иалагеит. Ар Украинатәи арратә ргыларақәеи аинфраструктуреи дырхәашоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0