Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба акамшьиа акра 2022 асезон алҵшәақәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба акамшьиа акра 2022 асезон алҵшәақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Азауад "Хамса" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, сынтәа акамшьиа акра аамҭа алҵшәақәа ртәы, насгьы асезон аныҟам аамҭазы азауад аԥсҭазаара иазкны.
Аԥсны ахада Очамчыра даныҟаз араион ахада ашықәсбжатәи аусурақәа рылҵшәа даналацәажәоз иазгәеиҭеит, Очамчыратәи аԥсыӡ зауадқәа абиуџьет ахарҭәаараҿы иназыцҵоу арбагақәа раарԥшра шалдыршаз.
"Сынтәа акамшьа асезон ибзиан имҩаԥысит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, избан акәзар ҵыԥхтәи асезон иаҿырԥшны иуҳәозар, ҵыԥх 1600 тонна еиҳамқәа аԥсыӡ ҳкит, уи даараӡа имаҷуп. Сынтәа 7800 тонна ҳкит. Асезон ибзианы имҩаԥысит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит", - ҳәа азгәаиҭеит Ашәба.
Азауад аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит асезон азауад аусзуҩцәа ишырныԥшуа атәы.
"5 000 тонна еиҵаны иаҳкыр, ауалафахәы маҷхоит. Ҵыԥх жәамш роуп азауад аус анауаз, сынтәа 30 мшы инацны аус ҳуртә еиԥш иалыршахеит. Аусзуҩцәа ауалафахәы хымз ртәы рыҭара алыршахеит. Ҵыԥх - мызкы атәоуп ироуз", - азгәеиҭеит уи.
Ашәба иажәақәа рыла, асезон иалагаанӡа, аҳәынҭқарраҟынтә ишьақәыргылоу аквота аа-зауадк рыбжьара еихшаны иҟарҵоит, анаҩс аквота ахә шәаны, тоннак азы 1800 мааҭ, амшын ихылоит. Ашәба еиҭеиҳәеит азауади аҳәынҭқарреи рганахьала аԥсыӡкра аус хылаԥшра шарҭо. Иара иҳәеит зегьы еилкааны ишрымоу акамшьиа ахшьаара азауадқәа рхаҭақәа ишырзыфеидам атәы.
Азауад "Хамса" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба иҳәеит адоллар ахә акаҳара русура ишаныԥшыз атәы.
"Ҳара акамшьа кны аԥсыӡшыла ҭҳажьуеит, аԥсыӡшыла иалху ахәша адоллар ала Ҭырқәтәыла иаҳҭиуеит. Адоллар ахә ашықәс ианалагоз 114-115 мааҭ ҳәа иҳаԥсахуазҭгьы, уажәы 55-56 мааҭ рыбжьара икаҳан иҟоуп. Уи иахҟьаны иҳауаз ахашәалагьы даара имаҷхеит, аха уа иҳалшо ҳәа акгьы ыҟаӡам", - азгәаиҭеит иара.
Ашәба еиҭеиҳәеит, азауад аус анамуа иҭыжьу аалыхтә шьҭаҵарҭақәа рҿы ишышьҭоу, уи иаразнак аҭира алшара рымаӡам, избан акәзар раԥхьа аахәаҩ дыԥшаатәуп, уи ашьҭахь аконтрактқәа нап рвҵаҩны, аӷба иақәҵаны Ҭырқәтәылаҟа ирышьҭуеит хәҭа-хәҭала. 2-3 мзы аҭахуп аалыҵ зегьы аҭиразы ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны иҭыжьу аԥсыӡшылеи аԥсыӡ ахәшеи аӡыргара рҭахӡам, рхаҭабзиара ҳаракуп, адунеижәларбжьаратәи ҩаӡара аҟынӡа инеихьеит ҳәа инаҵишьит Ашәба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0