Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрокуратура ашьаус хацнаркит Аҟәа иҟалаз ауаҩшьра аҵыхәала

© Sputnik / Томас Тхайцук Машины милиции Абхазии
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2022
Анапаҵаҩра
Рамин Хмаил дыршьит ԥхынгәы 27 ауха, асааҭ 23:25 рзеиԥш Аҟәа амҩадуқәа руак аҿы.
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Вадим Воубеи еилкаам даҽа хаҿыки рганахьала, Рамин Хмаил иеихсны дыршьит ҳәа гәҩарас ишьҭыхны. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Ашьаус агәаанагарала, ацәгьоура ҟарҵеит ҳәа гәҩарас ирымоу ауаа заа еибыҳәаны, Рамин Хмаили дареи "уаанӡа ирыбжьалаз ацәымӷра иахҟьаны", Аҟәа агәаҟынтәи Ешба имҩахь машьынала иааит уи дыршьырц ргәы иҭакны.

Рмашьына Ешба имҩаҿы игылоу аҩны №175 аҿаԥхьа иаанкыланы, Хмаил амашьына дахьҭатәаз иқәкны ахысра иалагеит згәыцә 5,45 миллиметр иҟоу ахқәа рыла еиҵаҵаз Калашников иавтомат ала. Ацәгьоуцәа ари абџьар изакәанымкәа иаархәеит, иныҟәыргон, имҩаныргон. Апрокуратура иазгәанаҭоит агәҩара ззыҟоу арҭ ҩыџьа анхысуаз ишеилыркаауаз иҟарҵоз акыр ишшәарҭаз, рааигәа-сигәа иҟаз ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭадыргылоз.
Рамин Хмаил жәантә еиҵамкәа иеихсит, иара иԥсҭазаара далҵит иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны. Д.Џьумутиа, автомашьына Lexus GS250 арныҟәцаҩ, зпассаџьыртә ҭыԥ аҿы иҭахаз дақәтәаз, ахәшәтәырҭахь днаргеит иарӷьа напыхәда иалсны иҭҟьаз ахәра иманы, инапыхәда абаҩқәа ԥҵәаны.
Уажәы азинхьчаратә усбарҭақәа ари ацәгьоура ҟазҵаз азусҭцәоу аилкаареи урҭ раанкылареи азы аусурақәа мҩаԥыргоит.
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2022
Аԥсны
Урыстәыла атәылауаҩ даҳшьуеит ҳәа иқәмақаруаз Аԥсны атәылауаа рус аӡбарҭахь ирыҭоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0