Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қәҭелиа Аԥсни Никарагуеи аҵарадырраҿы реимадарақәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қәҭелиа Аԥсни Никарагуеи аҵарадырраҿы реимадарақәа иазкны
Анапаҵаҩра
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадио Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит Аԥсни Никарагуеи рҵарадырратә еимадарақәа, аҩтәылак ԥхьаҟа еицазгәарҭаз апланқәа ртәы.
Ҳтәыла аҵараминистрра ахаҭарнакцәа злахәыз аҟазаратә усумҭақәа рзы онлаин-фестиваль хықәкы хадас иамоуп Аԥсни Никарагуеи рышколқәа аимадара рыбжьаҵара. Ишԥалыршахои уи, насгьы иазԥхьагәаҭоу аусқәа ртәы еиҭеиҳәеит Қәҭелиа аицәажәараҿы.
Иара убасгьы иҳәеит онлаин-фестиваль ишалахәыз аԥсуа школхәыҷқәагьы. Дара аинтерес рызцәырнагеит ахара иҟоу атәыла, уи акультура, амилаҭ.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа иара убасгьы еиҭеиҳәеит, иаарласны имҩаԥысраны ишыҟоу абызшәа аиқәырхара азҵаара аганахьалагьы аҩҳәынҭқаррак рыспециалистцәа реиқәшәара. Иҳәеит,аԥсуа школқәа рҿы еиҭах "Аԥсуара" маҭәарк аҳасабала алагара шрыгәҭаку еиԥш Никарагуагьы аиԥш зеиԥшу амилаҭҭә традициақәа ирыдҳәалоу амаҭәар ахысра ишазхәыцуа атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0