Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра аиҳабыра ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҭыԥзымхара апроблема рыӡбараны иҟоуп

CC0 / / Детский сад
Детский сад  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2022
Анапаҵаҩра
Гагра араион абиуџьет ашәарақәа рыла Абазгаа рымҩаҿы 40-50 ҭыԥ змоу ахәыҷбаҳча ареконструкциа напалакуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра аиҳабыра ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҭыԥзымхара апроблема рыӡбараны иҟоуп шықәсык аҩнуҵҟа иҳәеит Sputnik акорреспондент иҿцәажәоз ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
Иара иҳәеит Гагра араион абиуџьет ашәарақәа рыла 30 шықәса аус зымуаз Абазгаа рымҩаҿы 40-50 ҭыԥ змоу ахәыҷбаҳча ареконструкциа напалакуп ҳәа. Асовет аамҭақәа раан "Абгарымӡ" захьӡыз ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргылара апроблема ахәҭак аӡбыр алшоит.
"Сгәы иаанагоит шықәсык аҩныҵҟа аусура иалаҳаргап ҳәа, избанзар аҭыԥқәа зынӡа иазхом. Уа х-гәыԥк ҟалоит, ҳҽазаҳшәоит аԥшьбатәи агәыԥ аартрагьы, уи азы хаз игыло хыбрак ҳзышьақәыргылар" ҳәа иҳәеит иара.
Гагра ақалақь аҿы иахьа ахәыҷбаҳчақәа ҩба аус руеит. Аҭыԥ азымхара далацәажәо ҵышәба иҳәеит 2022 шықәсазы 87 рзаҳал шроуз аха ирыдыркылаз 55-ҩык ахәыҷқәа шракәу.
Гагратәи ахәыҷбаҳчақәа рахь ирзахымԥхьаӡалаз Бзыԥии Пицундеи ахәыҷбаҳчақәа рыдгалан.
Ҵышәба иажәақәа рыла уажәы зыхәԥса 800 000 мааҭ итәо ахыб рыԥсахуеит, анаҩс шьаҭанкылалатәи аремонт азы ахарџьынҵацҵа мҩаԥганы аԥарақәа ԥшаатәхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0