Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи абизнес Аԥсны инарҭбаау аҭыԥ амоуп ҳәа ишьоит Бжьаниа

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Роснефть" готова инвестировать в сельское хозяйство Абхазии
Роснефть готова инвестировать в сельское хозяйство Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи абизнес инарҭбаау аҭыԥ амоуп, ашәахтәшәаҩцәа дуқәа жәаба рҟынтәи ааба урыстәылатәи акапитал змоу еилахәырақәоуп, иҳәеит Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу азҭаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Ахада ҿырԥштәыс иааигеит 2010 шықәса раахыс атәылаҟны аус зуа абылтәы еилахәыра "РН-Абхазия". Аилахәыра ҵыԥх мацара миллиардбжак ашәахтә абиуџьет иаланагалеит.
"Ҳәарада, ҳинтересқәа ирықәшәоит урыстәылатәи аинвесторцәа Аԥсны рыҟазаара. Иҟоуп ҳара ҳҿы аус зуа аԥҟара ҷыдақәа – аинвестор аԥара ахьалеигало аусхк, аҵакыра, иалеигало ахышәаҵышәа ирҿырԥшны аԥыжәара аиура. Иара убасгьы, иҟоуп азинҷыдақәа – ахашәалазы ашәахтә, амазараз ашәахтә рганахь ала. Аинвесторцәа аамҭак ала урҭ рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп", - иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада иажәақәа рыла, Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларазы аусурақәа мҩаԥысуеит, уи урыстәылатәи аинвесторцәа Аԥсны русура ашьақәыргылара иацхраауеит.
"Ҳара ҳҽазаҳшәоит Урыстәыла аус зуа азакәанқәеи Аԥсны аус зуа азакәанқәеи еиҿыбаазарц, азакәан аганахь ала урыстәылатәи аинвестор иԥынгылақәа маҷхарц. Ԥхынгәымзазы анапы аҵаҩын аӡбарҭақәа рыӡбамаҭқәа реицазхаҵаразы Аиқәшаҳаҭра. Аригьы хәдықәҵоуп аинвистициақәа рзы", - иԥхьаӡоит ахада.
Вид на сухумскую набережную с копрета - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2022
Аԥсны
Адепутат Аԥсны аинвесторцәа рылшарақәеи рҽызцәырыхьчашеи ртәы далацәажәеит
Бжьаниа иажәақәа рыла, ареспубликаҿы аинвистициатә еилахәырақәа русура ҭышәынзыртәало аиқәшаҳаҭра аиқәыршәара иаҿуп.
"Дарбанызаалак аинвестор ҳицхраалоит. Саргьы атәыла аиҳабырагьы иазаҳаԥхьаӡоит аинвистициақәа хра змоу хырхарҭақәоуп ҳәа", - иҳәеит ахада.
Флаги Абхазии и России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2022
Аԥсны
Бжьаниа аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ахәшьара риҭеит: аиҩызареи агәреибагареи
Ажәабжьқәа зегьы
0