https://sputnik-abkhazia.info/20220805/masashi-inagarala-iaponia-shysh-nani-yit-1040720139.html
Масаши инагӡарала: Иапониа "Шьышь нани" ықәҩит
Масаши инагӡарала: Иапониа "Шьышь нани" ықәҩит
Sputnik Аҧсны
Иапониатәи аоператә шәаҳәаҩы Масаши Тсуӡи Баграт Шьынқәба иажәеинраалала иаԥҵоу ашәа "Шьышь нани" наигӡеит. Ари агарашәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара... 05.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-05T09:39+0300
2022-08-05T09:39+0300
2022-08-06T10:03+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/04/1040715769_0:278:719:682_1920x0_80_0_0_54c4df636a357bee5624b0c292480357.jpg
Иапониатәи анагӡаҩ раԥхьаӡа акәны амҳаџьыраа ргарашәа шиаҳаз, уи иконцерттә программа иалеиҵарц зиӡбаз, аԥсуа ашәа шиҵоз атәы Sputnik аматериал аҿы. Sputnik Масаши Тсуӡи – оператә шәаҳәаҩ қәыԥшуп. Аиҳарак иара аконцертқәа мҩаԥигоит Германиеи Иапониеи. Нас иабаиаҳаи Масаши амҳаџьырқәа рашәа? Шықәсқәак раԥхьа аԥсуаа рыхьӡырҳәага, аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа Иапониа иҭлыжьит адиск. Егьырҭ ашәақәа рыгәҭа иҟан аԥсуа ашәагьы. Ари адиск Масаши имԥыхьашәеит, ашәагь дыхнахит. Иҭаххеит аҭоурых аилкаара. Масаши ашәа ипрограмма иалеиҵарц аниӡба ашьҭахь апрофессор, Кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҳаҭыр тәылауаҩ Џьорџь Хьиуитт диҳәеит, Германиа дизиԥшаарц ашәа аҵараҿы ицхрааша ауаҩы. Аҵарауаҩ Масашии Хьыбла Амҷԥҳаи еибаирдырит. "Џьорџь Хьиуитт ибзоурала Масаши сареи Берлин ҳаиԥылеит. Сара иааркьаҿны изеиҭасҳәарц салагеит ашәа аҭоурых, аха иара днасԥыҩлан иҳәеит зегь шидыруа. Адиски "Ацынҵәарахи" рыӡбахәгьы сзеиҭеиҳәеит. Иара ииҭахыз иахьынӡалшо аоригинал иазааигәан аԥсуа ашәа аҳәара илиршарц акәын. Сара аԥсышәала атекст аҵараҿы сицхрааит. Аконцерт ашьҭахь сиазҵааит – ишԥамҩаԥыси ҳәа. Масаши иҳәеит ашәа азыӡырыҩцәа гәахәарыла ирыдыыркылеит ҳәа", - еиҭалҳәоит Амҷԥҳа. Амузыкаԥҵаҩы иџьалшьеит Масаши ашәа заҵәык аҳәаразы абриаҟара дахьахысыз. Лара лгәаанагарала асеиԥш аус азнеира патуқәҵароуп. "Ари ииашоу знеишьоуп. Акы анагӡара анугәҭаку иара закәу аҭоурых удыруазароуп. Сара иара Аԥсныҟа даасыԥхьеит. Деигәырӷьаны идикылеит. Аԥсны иконцерт ҳзеиҿкаар, даауан. Аинтернет ала Аԥсны идыруеит. Иагьигәаԥхоит", - лҳәеит лара. Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Амҳаџьырқәа ргарашәа" ашәа "Шьышь-нани" шьаҭас иаиуит. Акомпозициа зыдгьыл иахырцаз Кавказ ашьхаруа жәларқәа рлахьынҵа хьанҭа аанырԥшуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/04/1040715769_0:211:719:750_1920x0_80_0_0_497950c63c1b50d28e3d8e90cc7ecc00.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Масаши инагӡарала: Иапониа "Шьышь нани" ықәҩит
09:39 05.08.2022 (ирҿыцуп: 10:03 06.08.2022) Иапониатәи аоператә шәаҳәаҩы Масаши Тсуӡи Баграт Шьынқәба иажәеинраалала иаԥҵоу ашәа "Шьышь нани" наигӡеит. Ари агарашәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иаҳаҭыроуп, ажәлар зҭагылаз арыцҳара ду -амҳаџьырра- амузыкатә символны иазыҟалеит.
Иапониатәи анагӡаҩ раԥхьаӡа акәны амҳаџьыраа ргарашәа шиаҳаз, уи иконцерттә программа иалеиҵарц зиӡбаз, аԥсуа ашәа шиҵоз атәы Sputnik аматериал аҿы.
Масаши Тсуӡи – оператә шәаҳәаҩ қәыԥшуп. Аиҳарак иара аконцертқәа мҩаԥигоит Германиеи Иапониеи. Нас иабаиаҳаи Масаши амҳаџьырқәа рашәа?
Шықәсқәак раԥхьа аԥсуаа рыхьӡырҳәага, аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа Иапониа иҭлыжьит адиск. Егьырҭ ашәақәа рыгәҭа иҟан аԥсуа ашәагьы. Ари адиск Масаши имԥыхьашәеит, ашәагь дыхнахит. Иҭаххеит аҭоурых аилкаара.
"Масаши ашәа даара игәаԥхеит, иҭаххеит ипрограмма иалеиҵарц. Дашьҭалеит ашәа аҭоурых аҭҵаара. Уи данашьҭаз имԥыхьашәеит аиапон бызшәахьы еиҭагоу Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах". Масаши ашәҟәы данаԥхьа даара иааигәаны идикылеит амҳаџьырқәа рхьаа, еиҳагьы ашәа бзиа инарбеит", - еиҭалҳәоит Германиа инхо, амузыкаԥҵаҩы Хьыбла Амҷԥҳа.
Масаши ашәа ипрограмма иалеиҵарц аниӡба ашьҭахь апрофессор, Кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҳаҭыр тәылауаҩ Џьорџь Хьиуитт диҳәеит, Германиа дизиԥшаарц ашәа аҵараҿы ицхрааша ауаҩы. Аҵарауаҩ Масашии Хьыбла Амҷԥҳаи еибаирдырит.
"Џьорџь Хьиуитт ибзоурала Масаши сареи Берлин ҳаиԥылеит. Сара иааркьаҿны изеиҭасҳәарц салагеит ашәа аҭоурых, аха иара днасԥыҩлан иҳәеит зегь шидыруа. Адиски "Ацынҵәарахи" рыӡбахәгьы сзеиҭеиҳәеит. Иара ииҭахыз иахьынӡалшо аоригинал иазааигәан аԥсуа ашәа аҳәара илиршарц акәын. Сара аԥсышәала атекст аҵараҿы сицхрааит. Аконцерт ашьҭахь сиазҵааит – ишԥамҩаԥыси ҳәа. Масаши иҳәеит ашәа азыӡырыҩцәа гәахәарыла ирыдыыркылеит ҳәа", - еиҭалҳәоит Амҷԥҳа.
Амузыкаԥҵаҩы иџьалшьеит Масаши ашәа заҵәык аҳәаразы абриаҟара дахьахысыз. Лара лгәаанагарала асеиԥш аус азнеира патуқәҵароуп.
"Ари ииашоу знеишьоуп. Акы анагӡара анугәҭаку иара закәу аҭоурых удыруазароуп. Сара иара Аԥсныҟа даасыԥхьеит. Деигәырӷьаны идикылеит. Аԥсны иконцерт ҳзеиҿкаар, даауан. Аинтернет ала Аԥсны идыруеит. Иагьигәаԥхоит", - лҳәеит лара.
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Амҳаџьырқәа ргарашәа" ашәа "Шьышь-нани" шьаҭас иаиуит. Акомпозициа зыдгьыл иахырцаз Кавказ ашьхаруа жәларқәа рлахьынҵа хьанҭа аанырԥшуеит.