Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 500 инареиҳаны акоронавирус хҭыс аадырԥшит

© Sputnik / Магда Гибелли / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на коронавирус в Венесуэле
Тестирование на коронавирус в Венесуэле - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Анапаҵаҩра
Апандемиа иалагазар Краснодартәи атәылаҿацә аҿкы рзышьақәырӷәӷәан 260 нызқьҩык.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Ҟәбан акоронавирус 520-ҩык ирыдбалоуп, урҭ рахьтә Шәача- 75 хҭыс азгәаҭоуп, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аоперштаб.
Ичмазаҩхаз рахьтә 344-ҩык ҳәсақәоуп, 176-ҩык хацәоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 29-ҩык хәыҷқәоуп. Аҿкы зыдбалоу иреиҵыбӡоу ԥшьымз ихыҵуеит, иреиҳабӡоу - 91.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла ԥсыҭбара ашәҟәы иҭагалам.
Апандемиа иалагазар Краснодартәи атәылаҿацә аҟны 268 421 кронавирустә хҭыс ашәҟәы иҭагалан. Аҿкы аҽышьҭхра арбагақәа еизҳаит 100 000-ҩык ауааԥсыра рыбжьара 4722 хҭыс рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0