Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахатә интернет-банкинг 2024 шықәсазы иаланарҵәар алшоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПосетитель осматривает смартфон в магазине Xiaomi на Тверской улице в Москве. Компания Xiaomi открыла новый официальный круглосуточный магазин в Москве.
Посетитель осматривает смартфон в магазине Xiaomi на Тверской улице в Москве. Компания Xiaomi открыла новый официальный круглосуточный магазин в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2022
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥшҵакыра аиҿкаара Апрограмма, уи анагӡара азԥхьагәаҭан 2021-2023 шықәсқәа рзы. Апрограмма иаҵанакуеит атәылауаҩратә, ашәахтә, аҳазалхратә ҭышәынтәалара, аинвестициақәа рыхьчара.
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара 2024 шықәсазы ахатә интернет-банкинг ареспубликаҿ аларҵәара алнаршоит иҳәеит Амилаҭтә банк аекономика-зинтә департамент азиндырратә усбарҭа аиҳабы Олег Папасқьыр.
Папасқьыр далахәын Москва нанҳәа 3 рзы имҩаԥысыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥшҵакыра аиҿкаара Апрограмма азҵаарақәа рзы аусеицуратә гәыԥ аилатәара.
Аԥсны ауааԥсыра жәпаҩык рысмартфонқәа рҿы рхы иадырхәоит урыстәылатәи абанкқәа рыпрограммақәа. Ари аус мариоушәа избо ыҟазаргьы, асеиԥштәи атехнологиақәа раларҵәара аџьабаа ду аҭахуп иҳәеит иара.

"Ҳәарада, ҳазлацәажәо IT-ҟазауаа реиԥш азинтә усурагьы ауп. Ателефон аҿы асеиԥш ахархәагақәа рцәырҵразы ацифратә напаҵаҩра астатус амазароуп. Анапаҵаҩра аҟазааразы иаҭахны иҟоуп азакәан "Ацифратә напаҵаҩраз", - еиҭеиҳәоит Папасқьыр.

Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара алшар, асеиԥштәи атехнологиақәа алагалахоит ареспубликаҿ. Адокументқәа реизгаҿ 45 пункт ыҟоуп, урҭ 2023 шықәсанӡа ирыдыркылар ауп иҳәеит Амилаҭтә банк аусзуҩ.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2022
Аԥсны
2025 шықәсанӡа Аԥсны аҿиара ацхрааразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп
Ажәабжьқәа зегьы
0