Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 700 COVID-19 хҭыс аарԥшуп

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМэр Москвы С. Собянин осмотрел новый корпус ГКБ №40 в Коммунарке
Мэр Москвы С. Собянин осмотрел новый корпус ГКБ №40 в Коммунарке - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2022
Анапаҵаҩра
Апандемиа иаалагазар атәылаҿацә аҿы акоронавирус ашьақәырӷәӷәаразы 7 миллионк рҟынӡа тест ҟаҵан.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 700 COVID-19 хҭыс аарԥшуп, аанацҳауеит Аоперштаб.
Ичмазаҩхаз рахьтә 483-ҩык ҳәсақәоуп, 292-ҩык хацәоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 55-ҩык хәыҷқәоуп. Аҿкы зыдбалоу иреиҵыбӡоу хәымз ихыҵуеит, иреиҳабӡоу - 92.
284-ҩык– Краснодар, 95-ҩык – Шәача, 84-ҩык - Новороссииск, 44-ҩык - Анапа.
Апандемиа иалагазар Краснодартәи атәылаҿацә аҟны 269 525 кронавирустә хҭыс ашәҟәы иҭагалан. Аҿкы аҽышьҭхра арбагақәа еизҳаит 100 000-ҩык ауааԥсыра рыбжьара 4742 хҭыс рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0