Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Алхас Квициния
Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2022
Анапаҵаҩра
Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабыс дыҟан ҩышықәса инарзынаԥшуа.
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп. Абри атәы рҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны.
Аамҭала Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа наигӡалоит Џьансыхә Нанба.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Алхас Кәыҵниа ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс даиҭеит мшаԥы 24 2020 шықәсазы.
Алхас Кәыҵниа диит 1969 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Аҟәатәи абжьаратә школ №10 даушьҭымҭоуп. Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт далгеит "агроном" изанааҭ иманы. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп. "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп.
2005 - 2014 шықәсқәа рзы – Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ.
Дҭаацәароуп. Аԥеи ҩыџьа аԥҳацәеи драбуп.
2019 шықәсазтәи алхрақәа раан кандидатс дықәгылан апартиа "Амцахара" аҟынтәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0