Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашана" Сариа Чантуриаԥҳаи Дмитри Бестаеви рыхәшәтәразы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik“Ашана” открыла сбор средств на лечение и Дмитрия Бестаева
“Ашана” открыла сбор средств на лечение и Дмитрия Бестаева - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2022
Анапаҵаҩра
Хәышықәса зхыҵуа Сариа Чантуриаԥҳаи бжьышықәса зхыҵуа Дмитри Бестаеви рчымазарақәа еиԥшуп – ДЦП, рԥсихоцәажәареи рныҟәареи ԥкуп. Ахәыҷқәа Шәача анеирореабилитациатә центр "Импульс" аҿы аҽыхәышәтәра иахысроуп.
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хәышықәса зхыҵуа Сариа Чантуриаԥҳаи бжьышықәса зхыҵуа Дмитри Бестаеви рыхәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит. Ахәыҷқәа рҩыџьагьы еиԥшу ачымазара рзышьақәыӷәӷәоуп - ДЦП.
Сариа Чантуриаԥҳа лан, Кристина Сукровскаиа лажәақәа рыла, аӡӷаб ианаамҭаз диит, аха лира ахьыуадаҩыз азы лан дыԥҟаны длымырхит. Сариа адиагноз ДЦП лзықәдыргылеит, лԥсихоцәажәареи рныҟәареи ԥкуп.
© SputnikСариа Чантуриаԥҳа лан, Кристина Сукровскаиа
“Ашана” открыла сбор средств на лечение Сарии Чантурия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2022
Сариа Чантуриаԥҳа лан, Кристина Сукровскаиа
"Лцәажәара ԥкуп, данныҟәогьы улыҵагылазароуп. Еснагь гәдоуҭатәи ацентр "Асаркьал" ҳаҭаауеит. Уа ахәшәтәратә абаҩрҵәыра ҳахысуеит, аус руеит адефектологцәеи аԥсихологцәеи. Изныкымкәа Казань аҳақьымцәа ҳрызцахьеит. Ааигәа, шәачатәи ацентр "Импульс" аҟынтә аҟазауаа ҳҭан. Ҳхы дҳарбеит, дара ахәыҷы лыхәшәтәразы иҟаҵатәу аплан шьақәдыргылеит. Ҳара абаҩрҵәыра ҟаҳҵалароуп, арт-терапиа ҳахыслароуп, асенсортә терапевт, алогопед-дефектолог, хымԥада, рыцхыраара ҳҭахуп, избанзар ахәыҷы хаз-хазы ажәақәа лҳәоит аҟароуп", - еиҭалҳәоит Кристина Сукровскаиа.
Дмитри Бестаев 8 мзы анихыҵуаз изықәдыргылеит адиагноз –Денди-Уокера асиндром. Анаҩс еилкаахеит уи адагьы ДЦП шимаз. Фышықәса ҵуеит Дмитрии иан Алиона Џьинџьуаԥҳа лымчқәа рыла ахәыҷы дицхраарц лҽазылшәоижьҭеи.
"Асеиԥш адиагноз анаҳзықәдыргыла раԥхьатәи амш инаркны ахәышәтәреи ареабилитациеи ркурсқәа ҳархысуеит. Иаҭахны иҟоу зегь ҟаҳҵоит. Ааигәа шәачатәи ацентр "Импульс" ҳаҭан. Аҟазауаа ареабилитациатә курсқәа рахь ҳхы дырхеит. Абри ашьҭахь афонд "Ашана" ахь ацхыраара саҳәар акәхеит. Уаанӡа сара сымчқәа рыла сиҿын, афонд ахь сыдҵааломызт уа ахәыҷқәа шырацәаз дырны. Аха сара схала ҩыџьа ахәыҷқәа сааӡоит, уажәы цхыраарада сеихәом", - лҳәеит лара.
© SputnikДмитри Бестаев 8 мзы анихыҵуаз изықәдыргылеит адиагноз –Денди-Уокера асиндром.
“Ашана” открыла сбор средств на лечение и Дмитрия Бестаева - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2022
Дмитри Бестаев 8 мзы анихыҵуаз изықәдыргылеит адиагноз –Денди-Уокера асиндром.
Ааигәа афонд "Ашана" ацхыраарала Сариеи Дмитрии шәачатәи анеирореабилитациатә центр "Импульс" аҟазауаа рахь ишьҭын.
"Ҳфонди шәачатәи анеирореабилитациатә центр "Импульси" аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ацентр аҿы хәыҷыцыԥхьаӡа хаҭа-хаҭала ирызнеиуеит. Ареабилитациа ахә ахь иаҵанакуеит ҩымчыбжьтәи акурс, инхарҭәаау адиагностика. Амаршрут рхиоуп. Сариагьы Дмитригьы рзы уи хаз-хазуп. Ҳгәыӷуеит актәи акурс ашьҭахь лыҵшәақәак ҟалап ҳәа. Ԥхьаҟагьы ацхыраара ҟаҳҵалоит", - лҳәеит "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.
Атерапиа ашьҭахь Сариеи Дмитрии аныҟәара иалагоит ҳәа макьана аӡәгьы иҳәаӡом. Зегьы зхьыԥшу рҭагылазашьоуп, аха аҭацәа рзы еиҭакра маҷкгьы акы иаԥсоуп.
"Адиагноз ДЦП змоу ахәыҷқәа рганахь ала ҳақьымк иҟалаша изҳәом. Зегьы ахәыҷы илшара иадҳәалоуп. Аха ҳара уаанӡа ари аҩыза атерапиа ҳахымсыцызт, гәдоуҭатәи ацентр аҿи аҩни роуп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ахьеиҿаҳкаауаз. Ахәыҷы дызтәом, дызгылом, лыҿиара ԥкуп, хымԥада ареабилитациа бзиа ҳҭахуп. Агәра ганы ҳаҟам ахәыҷы иаразнакы аҩра далагоит ҳәа, аха шьаҿакгьы акы иаԥсоуп", - лҳәоит Кристина Сукровскаиа.
Сариа Чантуриаԥҳаи Дмитри Бестаеви рзы еизгатәуп 350 000 мааҭ. Ахәыҷқәа ацхыраара рыҭашьаз аинформациа арбоуп афонд "Ашана" асаит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0