Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Афырхацәа рымҩала: Бганба Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку игәалашәарақәа ртәы

Афырхацәа рымҩала: Бганба Аџьынџьтәылатәи еибашьра иазку игәалашәарақәа ртәы
Анапаҵаҩра
30 шықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчараз игьежьыз, Леон иорден занашьоу Альпер Бганба арадио Sputnik аефир аҿы аибашьра иацу игәалашәарақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш есышықәса иазгәарҭоит Аԥсны нанҳәа 15 рзы. Август 14 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, раԥхьатәи амшқәа инадыркны хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны ахьчараз иааҳавагылеит Нхыҵ Кавказынтәи, алада Урыстәылантәи, Ҭырқәтәыла, Сириа, ахара аҳәаанырцәынтәи ҳашьцәа, аибашьцәа.
Альпер аиҿцәажәараҿы еиҭеиҳәеит аибашьра шалагаз шиаҳаз, Аԥсныҟа иаара шыҟалаз атәы.
"Угәы каҳартә иҟан аханатә. Ҳаҵахон, иарбан ганахьала аибашьра уахьахәаԥшлакгьы, аха аиааира агәра ҳгон. Ноиабрь рзы раԥхьаӡа акәны Аԥсны сҭалеит. Аханатә Пицундатәи абаталион аҿы сеибашьуан, аҵыхәтәаны - Гагратәи абаталион салан. Абџьар ахьыҟаз сцон, убри азы абаталионқәа сыԥсахуан. Рыцҳарала ҳаибашьуан. Абџьар ҳамаӡамызт, ахәыҷқәа реиԥш апатрон анаҳбалак ҳаигәырӷьон", - ҳәа еиҭеиҳәон Бганба.
Альпер аибашьраҟынтә игәалашәараҿы иаанхаз хҭысуп Владислав Арзынбеи иареи реибабара атәы.
"Гәымсҭа аҭабиаҿы дааины аԥсшәа ҳаиҳәеит. "Шәыҽшәырӷәӷәа!" ҳәа ҳаиҳәеит, иара данца ашьҭахь зегьы ҳҵәыуон. Усҟан инапы ааныскылеит, уи рызҟуп сара сзы", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.
Альпер арадиофеир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа Аԥсны иԥсҭазаашьоу атәы, иҳамоу ахақәиҭра пату ақәаҳҵароуп ҳәа инаҵишьит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0