Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсны-Оил" адиректор хада абылтәы аагара апроблемақәа дрыхцәажәеит

© SputnikТопливный пистолет
Топливный пистолет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абылтәы еилахәыра "Аԥсны-Оил" адиректор хада Олег Лакоба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликахь абылтәы аагара апроблемақәа ртәы.
Иара иҳәеит еиуеиԥшым абылтә хкқәа рыҭираҿ аиԥҟьарақәа шыҟоу.
"Аиԥҟьарақәа сааҭқәак инадыркны мышкаҟынӡа ианыҟоу ыҟоуп. Ари аҩыза аҭагылазаашьа амзызқәа иреиуоуп нанҳәамзазы Аԥсны атуристцәа ахьырацәоу, уи инадҳәаланы абылтәы рацәана иныҵуеит", - иҳәеит иара.
Лакоба иажәақәа рыла, иара убасгьы аихамҩақәа ҭәуп, Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара иахьацҵоу азы.
"Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара иахьацҵок азы Краснодари Адлери рыбжьара урҭ аԥыжәара рырҭоит. Аидарамҩангагақәа аурышьҭуеит алшара аныҟало", - иҳәеит Лакоба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит абылтәы аиҳарак еихамҩала ишааргоз, акурорттә сезон аламҭалаз усеиԥш аиԥҟьарақәа аҭыԥ шрымамыз.
Уажәы Аԥсныҟа абылтәы аагара аиҳарак автомобилтә транспорт алоуп ишымҩаԥысуа.
Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Аԥсны
"АЗиД" абылтәы ахкқәак реиԥҟьара атәы иалацәажәеит
"Ари еснагь уақәгәыӷыртә иҟам. Зны амҩақәа ҭәуп. Зны аҳәаа ахысра уадаҩуп, зны Краснодартәи атәылаҿацә анефҭбазақәа рҿы абылтәы аҟамзаара ҳԥырхагоуп", - ҳәа еиҭеиҳәоит Лакоба.
Иара иажәақәа рыла, зны-зынла аагареи аҭиреи рыбжьара аиԥҟьарақәа ҟалоит уи аҭагылазаашьа шьақәнарҟьоит. Убри аан ҩымш иазхаша абылтәы аизакырҭақәа рҿы иҟоуп.
"Абензинмҩангага амашьына аит – иақәаҳхит, астанциа аус ауеит. Уажәы ҳастанциақәа хԥа рҿы агәаранқәа ыҟам, иҟалап уи ҳџьармыкьа ахышәаҵышәа амаҷра акәзар изызку – уи 10% иҟоуп", - иҳәеит иара.
АИ-100 "Аԥсны-Оил" аҭаҭәарҭақәа рҿы 69 мааҭ иаԥсоуп, АИ-95 – 60 мааҭ, АИ-92 – 54 мааҭ, адизельтә былтәы – 65,5 мааҭ иҳәеит Лакоба.
Абылтәы еилахәыра "АЗиД" акәзаргьы, аҳәамҭа ҟанаҵеит аҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахкқәак ыҟам ҳәа. Дара ишырҳәо ала, аҭирақәа мҩаԥыргон арезерв ахәҭаҟынтә.
Аҭаҭәарҭақәа рҿы аамҭалатәи апроблемақәа ыҟоуп абылтәы аҟазаара апроблема инадҳәаланы. Иахьазы еиқәшаҳаҭрала абылтәы ахә зшәахьоу аиуристтә хаҿқәа талонлеи хсаалагалеи абылтәы аархәоит. Абылтәы аҭира мҩаԥгахалоит уаанӡатәи арежим ала атәылахь иахьынӡахәҭоу ианааргалак ашьҭахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0